"Хра злоу ахҭысқәа": Ҳашыгԥҳа аԥсуа бызшәа амчыбжь иазкны
"Аԥсуа бызшәа амчыбжь ашкол аҟны ацәаҳәа аартрала ҳалагоит. Алаҳәара ҟаҳҵоит еиҿкаахо ауснагӡатәқәа рзы. Ашкол иамоу арадиоцәаҳәала аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аԥсуа бызшәеи аԥсадгьыли ирызку ражәеинраалақәа ирыԥхьоит, иреиӷьу аҭӡыгазеҭкәеи ахҭҳәаақәеи ҳәа аицлабра мҩаԥысуеит, аиҳабыратә классқәа рҟны идырбахоит Миха Лакрба иновеллақәа, иаарту аурокқәа. Сара хаҭала сурок ахь зҩымҭа ҳахысуа ашәҟәыҩҩы даасыԥхьап ҳәа ауп, уи Џьума Аҳәба иоуп. Ҳәара аҭахума аԥсуа бызшәа иамшзароуп ашықәс амшқәа зегьы, аха амчыбжь ҳәа ианыҟала, иаҳа лымкаала ҳазнеиуеит", — лҳәеит Ҳашыгԥҳа.