Николаи Ҭраԥшь: европааи америкааи Урыстәылаз анегативтә информациа агәра ргом

© Sputnik Николай Трапш
Николай Трапш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциатәи асоциологиатә еилахәыра IFop жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik азы Европа атәылақәеи Америкеи рҿы имҩаԥнагеит азҵаара-ҭҵаара: "Шәтәылақәа рҿы АИХқәа Урыстәыла аӡбахә обиективла иалацәажәома?" ҳәа атема ала.

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Франциатәи асоциологиатә еилахәыра IFop азҵаарақәа реихшьаалақәа рыла, Европа атәылақәеи Америкеи рҿы изазҵааз реиҳараҩык агәра ргом амассатә-информациатә хархәагақәа Урыстәыла аганахь ала аиаша рҳәоит ҳәа.

"Европеи Америкеи аинформациа ахархәаҩцәа ирызнарго ажәабжь ҭакԥхықәрала иазнеиуеит. Иааҟәымҵӡакәа Урыстәыла аганахь ала инегативтәу аинформациа анрырҭо ироуеит аскептикатә гәаанагара, ирызцәырҵуеит агәыҩбара", — иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аполитолог Николаи Ҭраԥшь.

Слоган Telling the untold на студии международного информационного агентства и радио Sputnik. - Sputnik Аҧсны
Sputnik. Агәаанагара: Урыстәыла аганахь иҟоу аинформациа обиективым ҳәа иршьоит Мраҭашәара

Аексперт иажәақәа рыла, асоцҭҵаарақәа рылкаақәа урзыԥшызар ауан изазҵаауаз рышықәси рынхарҭеи ркатегориақәа рылагьы.

"Мрагыларатәи Германиа АИХ рыгәра еиҳа еиҵаны иргоит Мраҭашәаратәи Германиа ауааԥсыра раасҭа. Уи еилкаауп. Мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо еиҳа Асовет Еидгыла иадҳәалан, рхәыцшьагьы аҽакала иҟоуп, аиҳарак аиҳабыратә абиԥара. ЕАШ акәзар, ареспубликатә партиа ахаҭарнакцәа еиҳа урҭ рыгәрагара рымоуп адемократиатә партиа алахәылацәа раасҭа. Уигьы зыхҟьо Урыстәыла аполитика адемократиатә партиа иаҿагылон ҳәа иҟаз аҭыӡшәа ахҟьа-ԥҟьақәа роуп", — иҳәеит Николаи Ҭраԥшь.

Европатәи аполитикатә партиақәа рҿы Урыстәылаз АИХ инарышьҭуа аинформациа агәра ргом изазҵааз реиҳараҩык.

"Агеографиатә ҟазшьа аинтерес аҵоуп. Ахашәалақәа рганахь ала уахәаԥшуазар: ара зегь еилкаауп. Зхашәала еиҳа иҳараку ауаа ирымоуп алшара Урыстәыла аганахь ала имҩаԥырго апропагандаз ҷыдала ироуа аинформациа анализ азуразы, ирымоуп уи иақәдырӡыша аамҭа, ринтеллектуалтә лшарақәагьы еиҳа еиҳауп", — иҳәоит аексперт.

© Sputnik , Леон ГәыниаОпрос абх
Опрос абх - Sputnik Аҧсны
Опрос абх

Николаи Ҭраԥшь иазгәеиҭеит ишџьеишьаз Америкеи Британиеи рҟны аҭҵаарақәа иаадырԥшыз ашықәстә еивгарақәа.

"Сара сгәы иаанагон еиҳа еиҳабу рабиԥара Урыстәыла иаҿагыло апропаганда ентузиазмла ирыдыркылоит ҳәа, аха аамҭақәа рҽырыԥсахуеит", — иҳәеит иара.

Изазҵааз рҟынтәи Урыстәыла аганахь ала АИХ аобиективра рылам ҳәа ирыԥхьаӡоит: 53% афранцузцәа, 50% анемццәа, 47% британиаа, 43% америкаа. Абри азҵаараҿы аинформациа амассатә хархәагақәа ирҳәо иадгылоит 25% Франциа ауааԥсыра, 33% Британиа ауааԥсыра, 39% граждан Германиеи Америкеи руааԥсыра.

Франциеи Германиеи рҟны иқәыԥшқәоу аиҳабыратә абиԥара раасҭа АИХ Урыстәылазы ирҳәо иашам ҳәа иршьоит: Франциа асеиԥш агәаанагара рымоуп 58% респондент (35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Аиҳаракгьы усеиԥш агәра ргоит 25-34 шықәса зхыҵуа, урҭ — 63% ыҟоуп), 51% Германиа. Америкеи Британиеи ракәзар аиҳабыратә абиԥара роуп асеиԥш агәаанагара змоу: 35 шықәса иреиҳау 46% америкаа асеиԥш агәаанагара рымоуп, 34% уи иаҿагылоит, Британиа 51% адгылоит, 38% аҿагылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0