Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба: аспорт аганахьала сыԥсадгьыл ахьӡ шьҭыҵыр сҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеон Цвижба
Леон Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Паратхеквондо азы адунеи ачемпион Леон Ҵәыџьба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Даӷьысҭан аиқәԥара шымҩаԥигаз, Урыстәыла ҩынтәны дачемпионхарц азы.

"Актәи аиқәԥараан Даӷьысҭантәи арԥыси сареи ҳаиқәшәеит, аҩбатәи аан ақалақь Тверь ахаҭарнаки сареи ҳаиԥылеит. Хәыҷык ицәгьан, афинал аҟны анокаут ала саиааит. Тхеквандо уи абокс шьапыла ауп. Аелектронтә рбагақәа ушьапы иаҭаны уқәгылоит. Уи иуцықәгылоу иҟны уакьысыр акәатала урҭоит.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҵәыџьба апаратхеквондо азы иқәгылара атәы

Ҳтәылаҟны аспорт иаҳа адгылара аҭахуп, иҟоуп аҷкәынцәа бзиақәа. Сахьыҟаз Даӷьысҭан ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ирҭахызар амалаҳәа аспорт уадақәа рҿы рҽазыҟарҵоит. Ҳара ҳҟны уи аганахьала ауадаҩрақәа ыҟоуп. Сара аҽазыҟаҵарақәа сырҿуп Шәача. Уажәы Урыстәыла ачемпионат аҟны сахьаиааиз среитинг шьҭыҵуеит. Ус иҟан адунеи ачемпионат аҟынгьы аиааира анызгаз. Иахьазы сыкапан аҟны аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааныскылоит. Анцәа иҳәар, аԥсуа бираҟ аолимпиада аҟны ишьҭаҳхуа иҟалоит, саԥсыуоуп, сыԥсадгьыл ахьӡ ашьҭыхра сашьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0