АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы даанкылоуп анаркотикқәа зманы Урыстәылантәи Аԥсныҟа аҳәаа ахысра зыгәҭакыз ахаҵа.иара дааныркылеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура.
32-шықәса зхыҵуаз ахаҵа игәаҭараан еиқәа аџьыба иҭырхит апарашок ҟазшьа зманы асалафан илаԥсаз амаҭәашьар. Аҳәаахьчаҩцәа амаҭәашьар аексперт-криминалистикатә лабораториахь инарышьҭит аекспертиза амҩаԥгаразы.
"Аекспертиза ишьақәнаргылеит амаҭәашьар N-метилэфедрон ҳәа изышьҭо анаркотик шакәыз. 0,65 грамма акапануан", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Еизгоу аматериалқәа аусҭҵаара ахацыркразы Шәача ААР ахь инашьҭуп.