Жьҭаара 26, 1992 шықәсазы Очамчыра ахақәиҭтәразы ажәылара мҩаԥган, аха иахәҭаз ацхыраара ахьыҟамыз иахҟьаны аԥсуа еибашьцәа шьҭахьҟа ихынҳәыр акәхеит. "Дед" ҳәа хыӡшьарас измаз Борис Ԥачлиа напхгара зиҭоз аибашьцәа ргәыԥ Аҽгәара аӷацәа кылатәаны ахымца иадыргеит. Зеижәҩык ҭахеит, жәаҩык инарзынаԥшуа ахәрақәа роуит, иҟалеит аӷацәа иртҟәазгьы. Аҽгәара ақыҭан иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыхьӡала иахьа иаартхеит абаҟа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Гәарамиа Очамчыратәи ажәылара иазкны
"Ҳаныгьежьуаз, ишеибаҳҳәахьаз еиԥш изыҟамлеит. Ҳадҵаҟаҵаҩ Борис Ԥачлиа ихәеит бнала мацара шьапыла ҳхынҳәыруп ҳәа. Аха ақәа ӷәӷәаны иауан, шьапыла изымцоз ҟалеит, абџьар аџьаԥҳаны ҳаҵан, 25- 30 километра ахысра уадаҩын, нас агәыԥқәа ҳаицәыхҟьеит. Амашьына аарган, уи ала амҩа ҳақәлар акәхеит. Аҽгәара ақыҭан аӷацәа қылатәаны иаҳзыԥшын", — иҳәеит Гәарамиа.
26 шықәса раԥхьа иҟаз Очамчыратәи ажәылара иацыз ахҭысқәа игәаларшәо Гәарамиа иазгәеиҭеит ҳаибашьцәа рзы уи шԥышәаз, аӷацәа ракәзар ашәара шрызнарҵасыз.