Ауаа рыла ахы ныҟәнагоит: аҭынчра иасимволу аҳәыҳә "Снежок" аҭоурых

© Sputnik / Саида Жиба"Снежок" ауаа рыла ахы ныҟәнагоит
Снежок ауаа рыла ахы ныҟәнагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Адунеи ааҳәит" — рҳәоит џьара иԥсабаратәым хҭыск ианалацәажәо. Ус сҳәар сылшоит саргьы, нхара иаҳзааз аҳәыҳә "Снежок" ахымҩаԥгашьа анызба.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ҳакәтыршәра аҳра уо иҭалаз, акәтқәа ираԥасны афатә азы иааиуа, унапы интәало аҳәыҳә шкәакәа "Снежок" ҳәа ахьӡаҳҵеит, уажәшьҭа џьаргьы ишымцо, ишҳадхалоз агәра анаҳга.

Аҳәыҳә ашьыжь азхара ачарыц анафалак, ԥыҭраамҭак акәытқәа ирыцуп, нас ажәҩан иалалоит. Шьыбжьхьа аамҭа анааилак аҩызцәа ҿыццәа ирылагыланы иццакуа ачыҟә арҭәуеит. Аилашәшәымҭаз, зегь раԥхьа инеины акәтыршәра иҭалоит.

© Sputnik / Саида Жиба"Снежок" ауаа рыла ахы ныҟәнагоит
Снежок ауаа рыла ахы ныҟәнагоит - Sputnik Аҧсны
"Снежок" ауаа рыла ахы ныҟәнагоит

"Саида, аџьашьатәы басҳәоит", — лҳәеит сан мчыбжьык ашьҭахь.

"Снежок" акәҷарақәа хазы ирызкыз аҭра еиҳа ишԥхаз абазу, еилнакаазу, уажәшьҭа исҳәара сыздыруам, инҭалкуаз инеины лнапы интәалеит, "дара срыцҭартәа" аҳәозшәа, ларгьы дара инрыцылҵеит.

Похмелье - Sputnik Аҧсны
"Иаха сыхьшьын, иахьа сыҟәраанхеит"

Амшқәа анеилас, раԥхьатәи ақәыршыҩ аналага, "Снежок" џьара иԥрын, ауха имааӡеит. Аиашазы ихьааҳгеит. Егьа умҳәан ҳашьцылеит, ирыцҳаҳшьо ҳалагеит.

"Иабацеи бара, ақәа илеиуа, аԥша иасуа, имԥсында", — ҳәа зегь акоуп дуазыруан сан.

Адырҩаҽны, амшцәгьа аԥхасҭа ҳнаҭама, ҳәа ашьыжь шаанӡа дгылазар, абар ассир, "Снежок" аӡы ахьссы агәашә илагылоуп, алақәа ирыцәшәаны ашҭа изҭамло.

Аԥшәма дызбаз аҳәыҳә, амҵәыжәҩа бааӡақәа еиҵыхны лгәы инықәтәеит. Уажәшьҭа хымш ҵуеит "Снежок" зынӡа акәытқәа ирыцрымҵоижьҭеи. Аҭынчра иасимволу аҳәыҳә ҳара иаҳзаанага сыздыруам, аха иара аҭынч ԥсҭазаара аԥшааит.

© Sputnik / Саида Жиба"Снежок" ауаа рыла ахы ныҟәнагоит
Снежок ауаа рыла ахы ныҟәнагоит - Sputnik Аҧсны
"Снежок" ауаа рыла ахы ныҟәнагоит
Ажәабжьқәа зегьы
0