Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиа: ҳтеатр иахьатәи аамҭа иақәшәо аҩымҭақәа ралԥшаара иашьҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСырбей Сангулия
Сырбей Сангулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны араионқәа зегьы рҿы идырбахоит Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи акомедиатә театр ақәыргыламҭақәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит атеатр асахьаркыратә напгхгаҩы Сырбеи Сангәлиа.
Сангәлиа еиҭеиҳәеит ақыҭақәа рҿы иддырбо ақәыргыламҭақәа шалырԥшаауаа

"Еиҳарак хықәкыс иҳамоу, апьесақәа аналаҳхуагьы ҳазхәыцуеит, аԥусаа рҵас, рқьабз, рҟазшьа, иара убас уадаҩрақәас ирымоу, иахьатәи аамҭа иақәшәо аҩымҭақәа ралԥшаара. Ашықәс аҩныҵҟа аамҭақәак алхны иҳамоуп, ақәыргыламҭа ҿыцқәа араионқәа зегьы идҳарбоит, ахәԥшцәагьы ибзиан ирыдыркылоит, иргәаԥхоит. Сынтәагьы имҩаԥаагоит агастрольқәа еиуеиԥшым ақыҭақәа рахь, Аԥсны ахышәара-аҵышәара", — ҳәа азгәеиҭеит Сангәлиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0