"Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа хеидкылақәа зегьы еилаланы ишьақәдыргылеит Афедерациа. Уи хықәкыс иамоуп аԥсуаа реиланхарҭақәа рҿы аԥсуа культуратә центрқәа раатра. Аԥсуаа рҵасқәа рқьабзқәа иахәышҭаараны ихьыҟалоу. Насгьы аԥсуаа рырӷәӷәара, реидкылара хықәкыс иамоуп. Убри инамаданы Сақариа иҟоу ацентр апроект ҟарҵеит идуны, ачара ахьууа азал аманы, абызшәа ахьырҵо аклассқәа аманы, аҳәса рнапкымҭақәа аус адырулар ахьрылшауа ауадақәа аманы ишьақәыргылан ҳалгап ҳәа ҳгәы иҭоуп. Сақариатәи ахеидкыла аиҳабы Урал Бганба аџьабаа ду адибалеит, Ингьын Ҭасқәач-иԥа иакәзаргьы убас, зегьы лассы иҟаҵаны ииасыртә еиԥш аџьабаа рбоит. Уажәы еиҿыркааит аусмҩаԥгатә доусы иахьынӡа илшо ацхыраара ҟаиҵарцаз. Убыс Адунеизегьтәи аԥсуа –абаза конгресс аиҳабы Мусса Екзековгьы ихәҭаа алаиҵеит, иара хаҭала даҭаан ибеит ахеидкыла", — ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.
Аҟәысба еиҭеиҳәеит Сақариа аԥсуаа ркультуратә центр зеиԥшрахо
13:37 29.10.2018 (ирҿыцуп: 18:22 29.10.2018)
© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
© Sputnik / Зафас Гамгия
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит Сақариа акультуратә центр аргылара иацхраауа шырацәоу.
Аҟәысба еиҭеиҳәеит Сақари аԥсуаа ркультуратә центр зеиԥшрахоу