00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:22
8 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:02
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:02
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
On air
18:20
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Полку героев России абхазского происхождения прибыло. Интервью с Акусба-Олейниковым
18:49
5 мин
Такие обстоятельства
Новый год в Абхазии! Предложения и спрос на турсезон
18:55
19 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гренада мап ацәнакит уаанӡа иазханаҵахьахьаз Косово ахьыԥшымра

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖители Приштины с новым флагом самопровозглашенной респупблики Косово.
Жители Приштины с новым флагом самопровозглашенной респупблики Косово. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гренада ажәбатәи ҳәынҭқарроуп аамҭаказ Косово ахьыԥшымра азхазҵаз аха нас уи мап ацәызкыз.

АҞӘА, абҵара 5— Sputnik. Сербиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Ивица Дачич аҳәамҭа ҟаиҵеит Гренада мап ацәнакит уаанӡа иазханаҵахьахьаз Косово ахьыԥшымра ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Гренада ажәбатәи ҳәынҭқарроуп аамҭаказ Косово ахьыԥшымра азхазҵаз аха нас уи мап ацәызкыз", — ҳәа Дачич иажәақәа еиҭанаҳәоит Сербиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Дачич иазгәеиҭеит ари "дипломатиатә қәҿиара дууп" ҳәа.

Приштина Белград аҟынтәи ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа рхыԥхьаӡара шьақәыргылам. Косово-албантәи амчрақәа урҭ рхыԥхьаӡара 110 рҟынӡа инаӡоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Сербиа анапхгара уи иашам ҳәа ахырҳәаауеит.

1999 шықәса рзы албаниатәи асепаратистцәеи Сербиа ари реиҿагылара Иугославиа абомбақәа ралажьрахь икылнагеит. 2004 шықәса рзы косовтәи албанцәа асербқәа рыҩнқәа ирықәланы рынхарҭақәа ирхырцеит. Косово-албаниатәи амчрақәа Приштина, 2008 шықәса рзы Сербиа аҟынтәи ахьыԥшымра ҳамоуп ҳәа рыларҳәеит.

Иахьазы дара азхарҵом Сербиа, Урыстәыла, Китаи, Израиль, Иран, Испаниа, Бырзентәыла уҳәа аҳәынҭқарра дуқәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0