Анаԥшцәа: Донецки Лугански рҟны алхрақәа рҿы ауаа рааира еиԥымҟьо ирацәан

© Фото : Астамур ПачалияНаблюдатели от Абхазии на выборах в ЛНР
Наблюдатели от Абхазии на выборах в ЛНР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11 рзы ахадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.

АҞӘА, абҵара 12– Sputnik, Бадри Есиава. Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11 рзы имҩаԥысуаз алхрақәа хыԥхьаӡара рацәала ауаа рылахәын, бжьыҭира иааиуаз рацәаҩын ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи Аԥснытәи анаԥшцәа рделегациа алахәыла Асҭамыр Ԥачалиеи.

Выборы в Луганской народной республике - Sputnik Аҧсны
Луганск алхрақәа рҿы ахада инапынҵақәа назыгӡо Леонид Пасечник аԥыжәара имоуп

"ДЖәР аҿы бжьыҭира инеиз рхыԥхьаӡара 80% инаӡеит. Ҳара ари аҟара ауаа ҟалоит ҳәа ҳаҟамызт. Аиҿкааҩцәа абжьыҭиратә ҭыԥқәа рааигәара аконцертқәеи аиармаркақәеи еиҿыркаат. Абжьыҭира аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаԥысуан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭамаз Гогьиа.

Аԥснытәи анаԥшцәа рделегациа алахәыла Асҭамыр Ԥачалиа иажәақәа рыла ЛЖәР аҿгьы абжьыҭирахь инеиуаз рхыԥхьаӡара рацәан. Алхрақәа адемократиатә ҟазшьа рыманы имҩаԥысуан.

"Атәылауаа арҭ алхрақәа рылҵшәақәа ирзыԥшуп. Дара атәыла ахадеи Апарламенти русура иақәгәыӷуеит. Иақәгәыӷуеит рыԥсҭазаара еиӷьыртәып ҳәа. Алхрақәа уаанӡа анапы зҵарыҩхьаз Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирҿамгыло имҩаԥган", — иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалан иҟан.

"Аԥсни Донецктәи жәлар рреспубликеи рҿы алхрақәа рымҩаԥгашьаҿ аиԥшызаарақәа шыҟоугьы иҟоуп аивыгарақәагьы. Убас, уаҟа атәылауаҩшәҟы аҿоума анап аҿоума дыргак ҟарҵом. Абжьыҭирҭақәа рҿы алхыҩцәа рсиақәагьы ыҟаӡам", — ҳәа еиҭеиҳәоит Гогьиа.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иџьеишьоит Донецк шамахамзар ауааԥсыра агитациа ахьырзыҟарымҵоз. Ақалақьқәа рҿы акәзаргьы акандидатцәа ирызку абаннерқәа џьаргьы иуԥыломызт иҳәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0