Ашәхымс ихрыжьыз, аҩнаргәы даҳәон

© Sputnik / Томас ТхайцукТруппа Молодежного государственного театра республики у здания Абхазского драмтеатра имени Самсона Чанба с требованием предоставить сцену. 15 ноября 2018
Труппа Молодежного государственного театра республики у здания Абхазского драмтеатра имени Самсона Чанба с требованием предоставить сцену. 15 ноября 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыӡшәа. Еиҭах Аԥсуа драматә театр аҟны иҿиеит аҭыӡшәа, уи акәша-мыкәша ацәажәарақәа ахылҿиааит. Уажәазы асцена рзеимакырҭахеит Аҿар ртеатр атруппеи, адраматә театр анапхгареи. Аимак-аиҿак азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсуа драматә театраҿы аамҭа-аамҭала аҭыӡшәақәа ҿион, ус иҟан наџьнатә аахыс, уи рҟазшьоуп атеатрқәа жәпакы. Атеатрқәа рыҩныҵҟа еилашуа арҿиаратә ԥсҭазаара анаҩсангьы, аӷыӷеибагара аҭыԥ амоуп, уи ахҟьоит аиҵашьыцра, арҿиаратә гьамақәа реидыслара уҳәа еиуеиԥшым амзызқәа.

Абхазский государственный драматический театр им. Самсона Чанба - Sputnik Аҧсны
Игьежьыз алабаҟәуа

Аха, аҵыхәтәантәи аамҭазы ихәыҵҟьаз атеатртә ҭыӡшәа иамоуп азиндырратә хырхарҭа. Уажәтәи "алабаҟьара" театрк аҩныҵҟа акәым иахьыҟалаз, аҭыӡшәа рыбжьалеит ҩ-театрк - С. Ҷанба ихьӡ зху атеатри Аԥсны аҿар ртеатри. Арҭ атеатрқәа ҟазарыла аиндаҭлара акәымкәа, ҩ-зинтә хаҿы "реибашьроуп" ирыбжьалаз иахьӡу.

Ишәгәаласыршәоит, анкьатәи атеатртә ҭыӡшәа иахҟьаны жәларык аԥсуа театр актиорцәа атеатр анҭыҵ ишаанхаз. Атеатр иалырцон аӡәаӡәала, ҩыџьа-ҩыџьала СССР ианасакьаҳәымҭаз инаркны аибашьра анеилга ашьҭахьгьы. Аибашьра ашәхымс ҳшылагылазгьы лусура дамырхит 55 ш зхыҵуаз жәлар рартиска Еҭери Коӷониаԥҳа, атеатраҿ ахәмарра азин рмоуит ззын абилеҭқәа аахәан ахәаԥшцәа ахан хьыҵәцара ҳәа изышьҭоу ҳтеатр ду ашҟа имҩахыҵуаз Шьалуа Гыцба, Сергеи Сақаниа, Софа Агәмааԥҳа, иахьа иҳацым, здунеи зыԥсахьо Алексеи Ермолов, Амиран Ҭаниа уҳәа жәларык аҟазацәа.

Ари азҵаатәы аӡәгьы аӡбара иҭахымкәа акыршықәса ус иааиуан, усҟан атеатр адиректоррагьы асахьаркыратә напхагарагьы знапы ианыз арежиссиор Валери Ақаҩба итоталитартә режим аус ауан 2014 шықәсанӡа.

Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны
Атеатртә хынҭа-ҩынҭара, мамзаргьы аӡә аҳра ирҭон, аха изнацәкьыск ала мап икуан

Абри ашықәс азы аамҭала Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба ихаан имҩаԥган адәы иаваз актиорцәеи В. Ақаҩбеи злахәыз аизара. Убраҟа ӷәӷәала иқәыргылан актиорцәа атеатр ахь рыргьежьра азҵаатәы. Аҭагылазаашьа ибзианы еилызкааз Бганба мчыбжьык даҳәеит аус аӡбаразы. Дук хара имгакәа, иусура аҟынтәи ихы дақәиҭтәын адиректор Ақаҩба, асахьаркыратә напхгара изааныжьны. Усҟан Аԥсны акультура аминистрс дыҟан Бадра Гәынба, уи иқәҵарала аԥсуа театр директорс дарҭеит Адгәыр Џьениа.

Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь зегьы ирылаҳәан атеатр ашҟа игьежьырц, аха ари ажәалагала иақәшаҳаҭхаз актриса Ира Коӷониаԥҳа заҵәык лыда уаҳа аӡәгьы дымгьежьит.

Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа - Ақаҩба атеатр аҿы сахьаркыратә напхагаҩыс дшынхоз анылдыр лааӡамҭацәа, актиорцәа қәыԥшцәа лыманы анаҩстәи лымҩа дықәлеит даҽа театрк аартразы.

Аԥсны аҿар ртеатр аартра апроцесс салахәымызт, убри аҟынтә, зегь реиԥш сара уи ажәабжь саҳаит аинформациатә хархәагақәа рҟынтәи. Агәмааԥҳа дҟалоит атеатр ҿыц асахьаркыратә напхгаҩыс, уи лҵаҩы Аслан Еныкь директорс.

Абасала Аҟәа иҟалеит ҩ-ԥсыуа теарк. Ганкахьала атеатрқәа реизҳара акультура ашьҭыҵра иасимволуп, даҽа ганкахьала аҳәынҭқарра атеатр анаанартуа иазхәыцроуп аҭыӡҭыԥ шазылхтәу. Ҩ-театрк хыбрак аҿы рааибра имариам усуп, избанзар атеатр иамоуп атехника, анхамҩа ду. Ишаҳбо ала, усҟан ақәыԥшцәа ртеатр анаадыртуаз инагӡаны иазымхәыцит абарҭ реиԥш иҟаз азҵаатәқәа. Ус акәзаргьы, Аԥсуа театр ахыбраҿы ԥшьышықәса имҩаԥысуан Аҿар ртеатр апремиерақәа, ахәаԥшцәа рызнеиуан, ажәакала арҿиаратә процесс цон.

Абарҭ ашықәсқәа рзы аԥсуа театр атәы ҳҳәозар аԥсы ахәанга ҭакны измаз арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лакәын, лара лыбзоурала ахәаԥшҩы Ҷанба ихьӡ зхыу атеатр даҭаауан. Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Ақаҩба икәзар, Аԥсны уарла-шәарла акәын дшаҭаауаз, иқәыргыламҭақәа цомызт, актиорцәагьы аҩны иштәаз аулафахәы роуан. Усҟантәи адиректор Адгәыр Џьениа уи аҭагылазаашьа арҽеиразы имч мхеит. Ҿымҭран. Ԥшьашала ихәмаруан аҿар ртеатр, егьырҭ амшқәа рзы Аргәын лыспектакльқәа цон.

Абас ишыҟаз, ҳазҭо ашықәс иун мзазы Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр директор хадас дарҭоит Жәлар рартист, акомпозитор Нодар Ҷанба. Абри анаҩс ауп ианыҵыҩры ҩ-театрк еиқәшаҳаҭрада аус шыруаз. Театрк ааины даҽа театрк аҿы аспектакльқәа ықәыргыланы ицон, убри аамҭазы инырхуаз аресурс аӡәгьы ахә ахишәаауамызт, аҿар ртеатр аԥсуа театраҿ иааныркылон агримҟаҵарҭақәа, инрыжьуан рдекорациақәа, аха уи иамамызт азинтә шьаҭа.

Алхрақәа Аԥсны. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

Аԥсны ирлас-ырласны ишыҟало еиԥш, ҿырҳәалатәи аиқәшаҳаҭра аус ауан аҩ-театрк рыбжьара. Аԥсны аиҳабырагьы ари рлымҳа иҭамсыцшәа апремиерақәа рахь иныҟәон, атеатрқәа рдиректорцәа ргәы рҭынчны иҟан "ԥсуаҵастәи рконтракт" наунагӡара амазшәа.

Адунеи иақәшахьаз Нодар Ҷанба атеатр данахагыла игәеиҭеит ԥшьашала иааины ихәмаруа аҿар ртеатри аԥсуа театри еидызҳәалоз зинтә шьаҭа шыҟамыз. Аҭыӡшәа ҿыц ахы цәырнагеит аиқәшаҳаҭра азҵаатәы анцәырҵ ашьҭахь. Аҿар ртеатр ақәшаҳаҭымхеит аԥсуа театр адиректор ирыдигалоз аконтракт- хәашала ахәмарреи, ахәԥса ашәареи рызҵааразы.

Ԥшьышықәса амалаҳәа ихәмаруаз атеатр ари иааиҵанарӷәӷәеит, аиҳабырагьы аднагалеит. Акомиссиа ишаӡбаз ала, аҿар ртеатр шәахьала ахәмарра азин рырҭеит, убри адагьы, аҿар ртеатр арепетициақәа ахьыҟанаҵо акультуратә центр "Абаза" аренда ҳәа изышьҭоу ашәалоит аҳәынҭқарра, иара убас, Аԥсуа театр иазоужьхоит иннахуа ахарџьқәа хазырҭәаауа абиуџьет.

Аԥсны аԥыза аминистр Валери Бганба акомиссиа алкаақәа атеатрқәа рнапхгаҩцәа ирылеиҳәеит. Аха, ари иақәшаҳаҭымхеит аҿар ртеатр, дара ишырҳәо ала "ашахьа ахәмарразы иманшәалам, адунеи атеатрқәа зегьы рзы ашәахьа ԥсшьара мшуп". 

Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны
Атеатри аменеџьменти

Иара убри аамҭазы, Аҟәа агәаны иҟоу РУСДРАМ арепертуар ҳахәаԥшуазар ашәахьа инаркны амшқәа зегь спектакльла иҭәуп, убри инаҷыданы адунеи еиуеиԥшым атеатрқәа рыҟны ашәахьагьы аспектакльқәа ахьцо ыҟоуп, ҳәарада иҟоуп уи ԥсшьара мшны иахьыҟоугьы.

Ажәакала, ашәхымс ихрыжьыз, аҩнаргәы дшаҳәаз еиԥш, аҿар ртеатр ахәашагьы, ашәахьагьы иақәшаҳаҭым. Атеатр аҭыӡшәа ҿыц арҿиаратә процесс иаԥырхагоуп, жьҭаара 10 рзы "атеатр абомба аҵоуп" ҳәа иҳалаҩҩыз ажәабжь иахҟьаны аԥсуа театр аспектакль амхын.

Сара сгәанала азҵаатәы ианаамҭоу ианумыӡблак ауп "абомба ду атеатр ианаҵало". Ҿырҳәалатәи аиқәшаҳаҭрақәа иахьакәымзар уаҵәы иҭыӡшәаны иҟалоит.

Даараӡа исцәыуадаҩуп ԥшьышықәса рыҩныҵҟа ҩ-театрк рдиректорцәа рыбжьы мыргаӡакәа, еиқәшаҳаҭрада аус ахьыруаз аилкаара. Иабаҟаз убри аамҭазы асахьаркыратә напхгаҩцәа? Адиректор ҿыц Нодар Ҷанба Франциантәи дмааргьы ари ажәабжь аӡәгьы иҳаиҳәомыз.

Ашәхымс иахужьуа, аҩнаргәы даҳәоит, убри аҟынтәи, иҟазароуп аԥҟарақәа, ихәшьадзароуп аҩ-ганкгьы рзинқәа, мамзар аҭыӡшәа иахьакәымзар уаҵәазы "ибомбаны" иаанхоит...

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0