Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба аҵарауаҩ Борис Џьонуа изы: ауаа иргәаламшәо ажәақәа ԥшааны, ҿыц аԥсы ахаиҵон

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит аԥсуа ҵарауаҩ, абызшәадырыҩ Борис Џьонуа. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит аҵарауаҩ иус иацызҵо иахьа аҭҵаарадырраҿы дшыҟам.
Ашәба Борис Џьонуа изы: ауаа иргәалымшәо ажәақәа ԥшааны, ҿыц аԥсы ахаиҵон

"Борис Џьонуа иԥсҭазаара алҵра зегьы ҳшьара ҳақәнарҟьеит. Иара ахӡыргара иашьҭамыз уахгьы-ҽынгьы аус зуаз, аԥсуа жәлар рдоуҳа абеиара, аихаҳара, зқьышықәсала имырӡкәа еиқәырахны иааргоз убри зцәа иҭазыгӡоз, здырра иалаӡоз уаҩын. Иара дзыԥсахуа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы, иара еиԥш иазыҟаҵоу ауаҩы дҳамаӡам. Иара абызшәа ибзиаӡан иныруан, ирманшәалон, ахархәара аиҭон, аԥхьаҟа абызшәа мԥсыртә еиԥш, ауаа иргәаламшәо ажәақәа ԥшааны, аԥсы ахаҵаны ҿыц ахархәара аиурцаз ажәар ианиҵон. Ҳара ҳгәыӷуан ашықәса нҵәаанӡа иҵегь ишәҟәқәа ҭыҵуеит, дызҿу аус иага дадхаларгьы уи аҵыхәанӡа инаигӡоит ҳәа", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0