Рауль Ҳаџьымбеи Риад Хаддади еиԥылеит

© Фото : Пресс-служба президента АбхазииРауль Ҳаџьымбеи Риад Хаддади еиԥылеит
Рауль Ҳаџьымбеи Риад Хаддади еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад диҧылеит.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Абҵарамза 20 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад диҧылеит ҳәа аанацҳаит атәыла ахада иофициалтә саит.

"Шәара ижәдыруеит ҳара Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны ҳшыҟаз. Ирыҵаҩын Шьамтәылеи Аҧсныи рыбжьара аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара хықәкыс измаз акрызҵазкуа адокументқәа. Ҳара Шьамтәыла анапхгара иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп афырхаҵара аарҧшны Аҧсны азхаҵаразы аӡбамҭа ахьаднакылаз азы. Иахьа уснагӡатә хаданы ҳҿаҧхьа иқәгылоуп арҭ аиҧыларақәа раан иазгәаҳҭаз анагӡара", - иҳәеит Аԥсны ахада.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Шьамтәыла ажәлар хьаҵрада имҩаԥырго рықәԥара.

"Ҳара иаабон Шьамтәыла Ареспубликеи уи ажәлари фырхаҵарыла имҩаҧыргоз ақәҧара. Иаҳбеит иара убас ажәлар аибашьра ирыннаҵаз ахәрақәа рырҕьара, атәыла аиҭашьақәыргылара ишазхиоу. Иреиҕьу азеиҕьашьарақәа рзаҳкуеит Башар Асад ихьӡала гәык-ҧсыкала иаҳҧылаз анапхгареи шьамтәылатәи ажәлари", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба официалтә визитла Шьамтәылаҟа даҭааит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба официалтә ныҟәарала Шьамтәыла даҭааит

Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы.

"Сара сышәҭааит ҳтәыла анапхгара, иаҳаракыра Башар Асад ихьӡала салам шәысҭарц азы. Шәара ҳтәылаҟны шәыҟазаара ҳнапхгареи ҳажәлари даара агәахәара рнаҭеит. Шьамтәыла анапхгара есқьынгьы Аҧсны адгылара шаҳҭо атәы рҳәоит, уи зырҵабыргуа акәны иҟалоит гәык-ҧсыкала иҳабжьоу аиҩызара, иара убас шәусуратә визит аан изҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа. Ацҳаражәҳәарҭа аҳасабала, ҳара ҳусура ҩ-жәларыки ҩ-напхгараки реизыҟазаашьақәа арҕәҕәара. Гәахәара дула исыдыскылеит анапҟазацәа рцәыргақәҵа. Ари ҳара амҩа иаша ҳшану атәы аҳәоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари аиҧыларазы, Шәара шәҭаара азы. Шәтәыла иазеиҕьасшьоит аизҳазыҕьара, аҿиара".

Ажәабжьқәа зегьы
0