Анита Папԥҳа: ахцәыҟаҵаҩ изанааҭ акьанџьақәа рҟны иԥысшәахьан

© Foto / Саида ЖибаАнита Папԥҳа
Анита Папԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы даныхәыҷу инаркны дрызхьаԥшуа далагоит еиуеиԥшым азанааҭқәа. Гагратәи аҭыԥҳа Анита Папԥҳа - жәашықәса раахыс ахцәыҟаҵара лнапы алакуп. Лара Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа илзеиҭалҳәеит лзанааҭ алхра лгәазырԥхази уи илнаҭо агәалаҟазаареи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Анита Папԥҳа ашкол даналга дыхцәыҟаҵаҩхоит ҳәа заҳауаз лыуацәа, иалылхыз азанааҭ уамак иргәамԥхеит. Дара ирҭахын аҭыԥҳа лҩызцәа аӡәырҩы реиԥш иреиҳау аҵараиурҭа далгарц. Аха зегь акоуп илықәыӡбоз раасҭа, адгылара лызҭаз еиҳахеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан лҭаацәа.

Диана Ладариа - Sputnik Аҧсны
Диана Ладариаԥҳа: ишыхәмаруа ауп ахәыҷқәа аԥсшәа шырҵо

"Ахцәыҟаҵаҩ изанааҭ саныхәыҷыз инаркны бзиа избахьан. Ансамбль "Шьараҭын" иалаз сан лаҳәшьа Гәында Қәҭарԥҳа аҽазыҟаҵарақәеи, аконцертқәеи рахь лассы-лассы сылгалон. Уаҟа сыбла ҭырхаха аҭыԥҳацәа ссирақәа срыхәаԥшуан. Иԥаны ирықәыз рыхцәқәа, насгьы рыхцәыркыгақәа, рҿырхиагақәа даара схырхуан. Исгәалашәоит ларгьы аҩны илымаз, ишышны иҟаз акалаҷкәыр хәыҷы иҭаз ахцәыркыгақәеи ахҳәақәеи акакала иҭыганы ишҭысҵаауаз, нас акьанџьақәа рҟны ишԥысшәоз", - лҳәоит Анита.

Аҭыԥҳа ашкол дахьынӡаҭаз афранацызи, африкантәии ахцәы аԥашьа лҵахьын, аурокқәа рыбжьара лҩызцәа рҟны лҟазара аалырԥшуан.

"Аԥхынра амшын аԥшаҳәахьы санылбаауаз, уаҟа ахцәы ԥара ҳәа итәаз аӡӷбацәа хәыда-ԥсада срыцхраауан, аԥышәа аласырҳауан", - ҳәа азгәалҭоит лара.

16 шықәса зхыҵуаз Анита, Гагра ақалақь, аԥшӡарҭа салон "Клеопатра" аҟны, ԥшьымз ахцәа аҵырффашьеи, еиуеиԥшымкәа ахцәы аус адулареи лдырҵон. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп исзааԥсаз сырҵаҩцәа Альвина Чакриани, Тома Казанџьиани. Сзанааҭ аҟны ауасхыр дара роуп ишьҭазҵаз, ҳәа наҵылшьит аҭыԥҳа. Анита шықәсык ари аԥшӡарҭа асалон аҟны апрактика дахысуан.

Акурсқәа анхлырқәша, лҭаацәеи, лҩызцәеи рыхцәқәа рҵырффареи, реиҿкаареи, арԥшӡареи лнапы ианылеит. Шықәсык ашьҭахь, асалон аҟны аусура далагеит. "Клеопатра" аҟны аашықәса аус уны, Анита диасуеит даҽа салонк ахь. Уи аартуп "Grand Hotel Gagra" ахыбраҟны. Аҭыԥҳа лышьыжь алагоит асааҭ ааба рзы, лшьапы дықәгылоуп аҵыхәтәантәи аҭааҩ иҟынӡа.

"Сара сахь еиҳарак иааиуа еснагьтәи сҭааҩцәа роуп. Убри азы, доусы ианизыманшәалоу аамҭа алихуеит, аӡәгьы игәы нсырхар сҭахым. Иҟоуп жәашықәса сзымԥсахуа. Лыӡбахә сымҳәар ауам, амҽышалатәи сҭааҩ Асида Лакобԥҳа, ҽаџьара аусура сшыиасызгьы, лара снапқәа дрышьцалан аҟнытә снылмыжьит. Хәышықәса ирылагӡаны есымчыбжьы дысзаауеит Амина Бганԥҳа. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, аџьшьара рысҭарц сҭахуп сусура ахә зшьо, гәык ала исзыҟоу зегьы", - ҳәа ҳаиллыркааит Анита.

Хымԥада ауаа зегьы еиԥшым, ахцәыҟаҵаҩ лнапкымҭа иаргәамҵуазгьы ҟалахьеит.

Аҭоурыхи абиблиотекатә-информациатә уси знапы алакыу Сариа Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сариа Ԥлиаԥҳа: ашәҟәыԥхьара аҵас аԥсы ҭоуп

"Џьоукы-џьоукы амода иацклаԥшны рыхцәқәа ҵдырффар рҭаххоит, егьа рхы-рҿы ианымааларгьы. Иҟоуп злымҳақәа тахоу, урҭ рыхцәқәа еидкыланы ачаԥара ианаҳәо, инҭкааны исзыгәаӷьуам, аха ирԥшӡаны иахьсырхәуа салагоит, иӡырҩуа реиԥш "аҳәатәхамҵацәагьы" уԥылоит, урҭ хымԥада аҵыхәтәантәи алҵшәа ргәаԥхаӡом", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит азҟаза.

Анита ахцәыҟаҵаразы аҩныҟа илызнеиуазгьы, уажәшьҭа асалон иаҭаауа иалагеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, Гагра даара ирацәаҩхеит зхы иацклаԥшуа аҳәса, ҳәа азгәалҭуеит лара. Уаанӡа аӡӷабцәа ракәызҭгьы зыҽзырԥшӡоз, уажәы зықәра неихьоугьы рыҵахом. Ахцәыҟаҵаҩцәа аӡын инаркны ааԥнынӡа ҳҭааҩцәа рхыԥхьаӡара уиаҟара ирацәамызҭгьы, иахьа аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, ҳәа азгәалҭоит аԥҳәызба. Анита лмаҵурақәа ахацәа ирзынархам, аха ианлыҳәо мап лкуам. Ахцәыҟаҵаҩ илыдҵаалоит аушьҭымҭацәа, иара убас аҭацацәа.

"Есышықәса, ашкол иалго жәаҩыла аӡӷабцәа заанаҵы ашәҟәы рҽанырҵоит. Дара аҭацацәа раасҭагьы ргәы хыҭ-хыҭуа алҵшәа иазыԥшуп", - лҳәоит аҟаза.

Анита ахцәҵырффареи, аиқәҵареи рнаҩсгьы, илызнеиуеит ашәразы, убас иахьатәи ҳаамҭа иашьашәало еиҳа еиқәоу аҟнытә ицәышу ахь аиагаразы, мамзаргьы еиуеиԥшым аԥштәқәа змоу ацәаҳәақәа ралдаразы. Аԥҳәызба иҳаиллыркааит амода ишалалаз иԥсабаратәу аԥштәқәа. Ахцәыҟаҵаҩ лҭааҩцәа ргәаҳәарала рыхцәқәа лырӷәӷәоит авитаминқәа рыла. Лнапы злакыу аус аҟны лхы иалырхәо италиатәи акосметика "ByFama", "ConstantDelight" роуп.

"Италиатәи акосметика схы иасырхәозаргьы, уи иаанагаӡом ажәытә хархәагақәа аҿагылара рысҭоит ҳәа. Уимоу зны-зынла сҭааҩцәагьы ирабжьазгоит ҳандуцәа рҟнытә исаҳахьоу аилаӡҩақәа реилазаашьа",- ҳәа наҵылшьит Анита.

Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

Ахцәыҟаҵаҩ ес-хымз лзанааҭ аҩаӡара ашьҭхразы лхы рылалырхәоит Шәача имҩаԥысуа аҟазаратә-классқәа, асеминарқәа. Араҟа иддырҵоит, иддырбоит арҿыцрақәа.

"Уажәы ицәырҵит ухцәы иаԥырхагам ахәшақәа злоу ашәыгақәа. Аилатәарақәа рҟны иаҳзеиҭарҳәоит урҭ рхархәашьа, реилаҭәашьа. Иаҳдырбоит асезонтә хҵырффашьақәа уҳәа, ҳзанааҭ аҟны ицхыраагӡоу зегьы", - ҳәа ҳаиллыркааит аԥҳәызба.

Анита, иара убасгьы дрылахәуп аинтернет-семинарқәагьы.

"Сара сзы игәахәара дууп, аҵыхәтәантәи алҵшәа сҭааҩи сареи ианаҳгәаԥҳо", - лҳәоит азҟаза.

Анита лнапы злаку аус даара бзиа илбоит, аха маҷк лгәы лзырхьо акәны иҟоуп, зыхцәы шьқьаруа аҭыԥҳацәа аҵырффара ианаҳәо.

"Ахцәы ԥшӡа амаркатыл анасыркуа схы сазгәамҵуеит, аха ауаҩы иҭеиҭш иԥсахыр аниҭахыу уара мап ицәукыргьы, ҽаџьара дцаны иԥиҟоит. Убри аҟнытә аҭааҩцәа ражәа закәануп", - ҳәа азгәалҭоит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0