Ҟрым 140 еиланхарҭа фымцалашарада иаанхеит амшцәгьақәа ирхырҟьаны

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛинии электропередач в Крыму.
Линии электропередач в Крыму. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз амшқәа рзы ақәабаа-сабааи ақәаршҩи леиуан Ҟрым иахьаҵанакуаз зехьынџьара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik. 140 рҟынӡа еиланхарҭа фымцалашарада иаанхеит Ҟрым амшцәгьақәа ирхырҟьаны. 38 нызқьҩык фымцалашарада аҵх рхыргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ареспублика АҶА аминистр Сергеи Шахов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ԥхынҷкәын 11-12 ауха аҳауатә ҭагылазаашьа акыр аҽеиҭанакит, амш аҽарцәгьеит.

"Ашьыжь асааҭ жәба рзы фымцалашарада иҟан 138 еиланхарҭа, 37 930-ҩык, урҭ рҟынтәи 11 200-ҩык ахәыҷқәа роуп. Ҟрымтәи аенергетикцәа афымцалашара ахархәаҩцәа рҟынӡа анагаразы ирылшо зегь ҟарҵоит", — иҳәеит Шахов.

Аминистр аҭагылазаашьа хылаԥшра ауҭартә иҟоуп ҳәа ишьоит. Иара иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп Џьанкоитәи, Красногвардеитәи, Нижнегорсктәи араионқәа рҿы. Аусурақәа рымҩаԥгара ауадаҩра аҵоуп амшцәгьа иахҟьаны атехника аобиектқәа зегь рахь анеира ахьзалымшо аҟнытә.

Аԥшатлакә шыҟалоз азы адырра ҟаҵан заанаҵы. Ԥхынҷкәын 11-12 ауха ақәеи аси еилаланы илеит, мызктәи ақәоура анорма акыр иацҵаны иауит. Аԥшатлакә акәзар, ашьхараҿы аласра секундк ала 34 м ыҟан.

Уажәазы ациклон ареспублика аҵакыра ааннажьхьеит. Ԥхынҷкәын 13-14 рзы амш шеилымгогьы, шәарҭара аҵалом. Уахынла ақәҵаарақәа ҟалар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0