Автотранспорт аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра сынтәа ирекордтәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийско-абхазская граница
Российско-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атранспорттә хархәагақәа – апассаџьыртәқәа реиԥш аидарамҩангагақәагьы, аҳәаа рахыжьразы ацәаҳәа ҷыда ахархәара амоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 — Sputnik. Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҿы автомобилтә трафик ииасыз ашықәс иаҿырԥшны ԥшьынтә еиҳахеит, уахыки-ҽнаки рыла 6300 транспорт ииасуеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла 700 тонна рҟынӡа амандарина аԥсуа-аурыс ҳәаа иахыргоит

2017 шықәса рзы уахыки-ҽнаки рыла бжьаратәла аҳәаа иахысуан  5500 автомобил. Сынтәа уи  16% рҟынӡа ихалеит.

Апассаџьырцәа ракәзар, уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуеит 22 000-ҩык атәылауаа.

Аиҳарак ауаа рацәоуп ашьыжьи ахәылбыҽхеи. Абри азгәаҭаны аҳәаахьчаҩцәа ирымоу алшарақәа зегьы еизыркуеит абри аамҭазы. Ауаа ирласны, хаҭабзиара ҳаракыла рымаҵ ауразы агәаҭаратә ҭыԥқәа зегьы аус руеит.

Аҳәаанырцә ицо атәылауаа ирабыжьгоуп аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа азыԥхьагәарҭарц, аиҳарак ауаа рацәа аҳәааҿ  ишыҟоу 8:00 — 11:00; 16:00 —19:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0