Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қьецба: ҳажәлар рнапҟазара аҿар ирымаҳдароуп

© Фото : предоставлено Григорием КецбаГригорий Кецба
Григорий Кецба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәыҷтәы рҿиаратә центр арҵаҩы Григори Қьецба Аҟәа имҩаԥысуа анапҟазара афестиваль аҟны иазгәеиҭеит ҳажәлар традициала иҟарҵоз анапкымҭақәа аҿарацәа ирдыруазарц шиҭаху.
Қьецба: ҳажәлар рнапҟазара аҿар ирымаҳдароуп

"Аԥсны иахьа имҩаԥааго афестиваль асҵәҟьа иҟалоит ҳәа сақәгәыӷуамызт, исыздыруамызт аҟазацәа бзиақәа ақалақь аҟны ишыҟоу, изымаазгьы рацәаҩуп. Ахәыҷтәы рҿиаратә центр аҟны ахәыҷқәа аус рыдызулоижьҭеи жәаа шықәса ҵуеит шьҭа. Идсырҵар сҭахуп аҿарацәа ҳажәлар анхара аганахьала рхы иадырхәо амаҭәарқәа рыҟаҵашьа. Иахьа иаҳцәыӡыз амаҭәарқәа рацәоуп, урҭ аарԥштәуп, аҿар ирдыруазароуп. Афестиваль аҟны сусумҭақәа цәыргоуп, урҭ ахәыҷқәа ирбар, рыҟаҵашьа гәарҭар даргьы агәаҳәара рызцәырҵуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Қьецба.

Пҳынҷқәын 12 инаркны 19-нӡа Аҟәа имҩаԥысуеит жәлар рнапҟазара раԥхьатәи афестиваль. Уи аԥшьнагеит И. Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара ацентр.

Ажәабжьқәа зегьы
0