Мадуро ЕАШ Венесуела аҳәынҭқарратә еиҭакра мҩаԥнагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Боливарианской Республики Венесуэла Николас Мадуро
Президент Боливарианской Республики Венесуэла Николас Мадуро - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела ахада Николас Мадуро ар адҵа риҭеит ихианы иҟазарц, Еиду Америкатә штатқәа иара ишьразы аусқәа еиҿыркаауеит ҳәа иоуз адырра шьаҭас иҟаҵаны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 — Sputnik. Венесуела ахада Николас Мадуро ԥхынҷкәын 13 рзы ар адҵа риҭеит ихианы иҟазарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара арратә мчрақәа зегьы рахь адҵа ҟасҵеит Америка аимпериалисттә гәҭакқәа раԥырҟәҟәаарази аҭынчра адгыларази. Венесуела шәара ишәықәгәыӷуеит", — ҳәа иҩуеит Мадуро Twitter аҿтәи имикроблог аҟны.

Уаанӡа Мадуро ЕАШ ахада амилаҭтә шәарҭадараз ицхырааҩ Џьон Болтон ахара идиҵахьан атәылаҿ аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа аҵшәааразы Колумбиа алархәны ауснагӡатәқәа напхгара риҭоит ҳәа. Колумбиа ахада Иван Дуке Мадуро абри аплан далахәылоуп ҳәа изиҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0