Анапҟаза: сыԥсы сзыршьо аус сыԥшааит

© Фото : из архива М. МатосянМариетта Матосиан
Мариетта Матосиан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азанааҭ змоу аԥҳәызба аҭаацәара даналало, ахшара дахьынӡалааӡо иҟалоит линтересқәа рҽанырԥсахуа, анра инаваргыланы даҽа хырхарҭак аҟны лхы анԥылшәо. Ус лыхьит акостиум адизаинер изанааҭ змаз, иахьа анаплых ҟаҵарахь ииасыз Мариетта Матосиан. Лара иаҳзеиҭалҳәеит аҟазарахь дшиасыз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мариетта лзанааҭ ала аусура дахьымӡеит, лҵара анхлырқәша ашьҭахь, иаразнак аҭаацәара далалеит. Аха зны-зынла ашкол аушьҭымҭацәа лыдҵаалон акостиумқәа рескизқәа ҭылхырц. Анаҩс, ахәыҷы дании, лаамҭа зегьы ззылкуаз иара иакәын.

Сабрина Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапҟаза: раԥхьатәи алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа схәыҷқәа рзы исԥеит

"Сыԥҳа хәыҷы маҷк ианлызҳа, исыӡбеит акьаҿ лзысԥарц. Уи аԥхьаҟа аинтернет аҟны иҭысҵааит иарбан хархәагақәоу иаҭаху, насгьы аԥашьа ахкқәеи. Аиашазы исықәманшәалахеит, уи аҿы аангыларагьы сҭахымхеит, уимоу ԥсыршьагасгьы исзыҟалеит", — лҳәоит Мариетта.

Анапҟаза хышықәса ҵуеит аԥара лнапы алакуижьҭеи, еиҳаракгьы ахылаԥақәеи, ахкәыршақәеи, ахәдакәыршақәеи роуп дзызҿлымҳау. Ааигәа лхы ԥылшәо далагеит арҭмаҟқәеи, ахцәыркыгақәеи, агәлаҵақәеи (брошь) рыҟаҵара.

"Снапы иҵыҵуаз зегьы ҳамҭас исшон. Нас, сҭаацәеи, сҩызцәеи исабжьырго иалагеит сусумҭақәа аинтернет ахархәага Instagram сдаҟьаҟны иӡырызгарц, адәқьан аҿгьы иқәысҵарц. Ус иагьыҟасҵеит. Иахьа ирацәаҩӡоуп исыдҵаало. Еиҳараӡак ахәыҷқәа рзы ахылаԥақәеи, ахкәыршақәеи, ахцәыркыгақәеи ирыҳәоит, аҭыԥҳацәа — агәлаҵақәа", —ҳәа ҳаиллыркааит лара.

Илона Ҷанԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыцызтәи амаҭәарқәеи, алакәтә хаҿсахьақәеи: Илона Ҷанԥҳа лнаплыхқәа

Мариетта лнапҟазараҿы лхы иалырхәо амаҭәахәқәа зегьы рхаҭабзиара ҳаракуп, изыхәҳауа акраамҭа иныҟәыргоит.

"Снаплыхқәа хымԥада схатә харџь рыхҭнуп. Еиуеиԥшым арахәыцқәеи, абеи, акакаҷқәеи, ахаҳәқәеи, аимхәыцқәеи уҳәа рхаҭабзиара гәамҭакәа иаазгаӡом", — ҳәа наҵылшьит анапҟаза.

Иахьа, аҳәса бзиа ибаны ркьаҿқәа, рыҵкқәа, рпалтақәа агәлаҵақәа рырҭоит. Мариетта еиқәлыршәо адәқьан аҟны иааухәозар, х-нызқь рҟынӡа иаԥсоуп, лара 1200-1500 иреиҳамкәа ахә ақәылҵоит.

Иарбанызаалак амаҭәар, ашәага зеиԥшроу еиԥш уи аҟаҵарагьы аамҭа агоит.

"Иаҳҳәап агәлаҵа х-сааҭк инаркны хәымш рҟынӡа уанадхало ыҟоуп, ахылаԥеи, ахәдакәыршеи ракәзар хымш рҟынӡа, адуцәа рзы акьаҿ хәымш, ахкәыршеи арҭмаҟи ҽнак сцәагоит", — ҳәа азгәалҭоит анапҟаза.

© М. Матосиан лархив аҟынтәМ. Матосиан лнапкымҭақәа
М. Матосиан лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
1/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа
© Фото : М. Матосиан лархивМ. Матосиан лнапкымҭақәа
2/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа
© Фото : М. Матосиан лархивМ. Матосиан лнапкымҭақәа
3/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа
© Фото : М. Матосиан лархив аҟынтәМ. Матосиан лнапкымҭақәа
4/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа
1/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа
2/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа
3/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа
4/4
М. Матосиан лнапкымҭақәа

Мариетта илԥо зегьы, изыхәҳауа игәы ишаҭахыу еиԥш арԥшӡагақәа рыла илҩычоит.

Убас лара лгәы иҭоуп, аҩнусқәа дырхашәалар "ани аԥҳаи" захьӡу атемаҿы лхы ԥылшәарц, еиԥшны амаҭәа рзылԥаларц, арԥшӡагақәа рзыҟалҵаларц.

Мариетта агәра лгоит анапҟазара лшьа иалоуп ҳәа. Аамҭала ланду, аҭаца фата абырфын рахәыцла иқәҵаны иҟалҵон. Лыӡбахә заҳауаз Аԥсныи Урыстәылеи рҟнытә илзаауан.

"Аԥҳәыс лнапы зегьы адыруазар дныҟәнагоит рҳәоит, уи саргьы сақәшаҳаҭуп. Сыԥҳа хәышықәса роуп илхыҵуа, аха уажәнатә дасыршьцылоит анапҟазара. Макьана агәыри, арахәыци лсыркуам, аха аба иалхны акьанџьақәа рзы амаҭәа еибылҭоит", — еиҭалҳәоит ан.

Абар Ашықәс ҿыцгьы ааигәахеит. Анапҟаза сынтәа аԥсаӡтә хәмаргақәеи, аҩычагақәеи рыҟаҵарагьы гәҭакыс илымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0