Анапҟаза: раԥхьатәи алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа схәыҷқәа рзы исԥеит

© Sputnik / Саида ЖибаСабрина Гунба
Сабрина Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа алаԥш цәгьа иацәшәон, уи аҽацәыхьчаразы иныҟәыргон алаԥшҭәҳәа зҭаӡахыз, мамзаргьы, адырыҩцәа ҷыдала идырмазеиуаз ашәҟәқәа. Иахьа аамҭа акырӡа ԥхьаҟа ицеит. Ицәырҵит иҿыцу ахархәагақәа. Хәыҷи-дуи рзы, ашашәы иалхны алаԥш аҽацәыхьчагақәа зԥо Сабрина Гәынԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, урҭ рыҟаҵашьеи рныҟәгашьеи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Сабрина Гәынԥҳа декономиступ, аха макьана заанаҭла аусура дахьымӡацт. Лара дышқәыԥшӡаз аҭаацәара далалеит, ҩыџьа ахшара дрануп. Ахәыҷқәа рааӡареи, аҩнра аныҟәгареи дырхашәаланы, Сабрина лҽазылшәеит аинтернет аҟны иҭылҵаахьаз, алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа рԥара.

Илона Ҷанԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыцызтәи амаҭәарқәеи, алакәтә хаҿсахьақәеи: Илона Ҷанԥҳа лнаплыхқәа

"Шықәсык аԥхьа, аинтернет аҟны исԥыхьашәеит, ашашәы ала иԥаз еиуеиԥшымыз алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа. Урҭ еибыҭан алаԥш иазынархази, анбанқәа знызи, арԥшӡагатәи, аимхәыцқәа рыла. Сара иаразнак исгәаԥханы, авидео сахәаԥшуа исҵеит рԥашьа. Раԥхьатәи анапхаҵақәа схәыҷқәа рзы иҟасҵеит. Анаҩс, инстаграм ахархәагаҟны, сдаҟьаҿы снаплыхқәа рфотосахьақәа анҭазгала, снапаҵаҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит. Иҿаҳҵар ҟалоума ҳәа исыдҵаало иалагеит", — лҳәоит Сабрина.

© Sputnik / Саида ЖибаСабрина Гәынԥҳа лнапкымҭақәа
Сабрина Гәынԥҳа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
Сабрина Гәынԥҳа лнапкымҭақәа

Убас, хәыҷы-хәыҷла, анапҟаза алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа рԥареи реибыҭареи далагеит. Раԥхьаӡа иргыланы илыдҵаалоз анацәа ракәын. Дара ргәаҳәарала, илырхион.

"Џьоукы арахәыц ҟаԥшь ргәаԥхоит, егьырҭ аиқәаҵәа. Иҟоуп анбанқәа зну, ахьи арыӡни аԥштәқәа змоу аимхәыцқәа еидкыланы ахьӡқәа рылҵратәы, мамзаргьы, ауаҩы ихьӡ злалаго раԥхьатәи анбан мацара ашашәы ибжьаҵаны изҭаху", — ҳәа азгәалҭоит Сабрина.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Анапҟаза иҟалҵо анапхаҵақәа иԥазар ауеит, иара убас ижәпаны-иҟьаҟьаны. Еиҭах иаазхәо игәаҳәара инақәыршәаны. Иазгәаҭатәуп, дара еиқәҳәало, напыла мацара ишырԥо. Алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа, ауаа рхазы еиԥш аҳамҭасгьы иҿарҵоит. Урҭ рыхәԥса шәкы инаркны хышә мааҭынӡа итәоит. Сабрина Гәынԥҳа Бзыԥҭа дшынхогьы, еиҳараӡак лнаплыхқәа ирыдҵаало Аҟәааи Гәдоуҭааи роуп. Хымԥада, Гагра араион аҟынгьы лыӡбахә заҳахьоу рацәаҩуп.

Шықәсык иалагӡаны, Сабрина илԥахьеит зқьы инарзынаԥшуа анапхаҵақәа. Лара, убри аҟара лнапы ашьцылахьеит, жәаба-жәыхә минуҭ рыла акы инагӡаны еибылҭоит.

Сабрина лажәақәа рыла, алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа пату ақәҵаны иныҟәгатәуп.

"Хымԥада имажәуа, имхо иарбану, аха излауа ала иныҟәызго дацклаԥшроуп. Ахәыҷқәа ирымхоу, анацәа азҿлымҳазароуп. Пату зқәуҵуа, пату уқәнаҵоит. Ишәхашәмыршҭын, жәытә аахысгьы, ҳандуцәеи, ҳанацәеи адырыҩцәа иддырҟаҵоз алаԥш шәҟәқәа амч шрымаз, иахьа урҭ рыҟаҵашьақәа рҽырԥсахзаргьы, рхырхаҭа шыҟац иаанхеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭоит анапҟаза.

Сабрина, анапхаҵақәа рыҟаҵашьа анаҩс, аинтернет аҟны иҭылҵааит, даҽа наплыхк. Лара илчаԥоит, ақьаад иалхыу еиуеиԥшым арԥшӡагақәа. Урҭ ҿарҵоит, аирамшқәа, аҭаацәаратә ныҳәақәеи ахҭысқәеи рзы.

"Сҩыза Светлана Марутиани сареи, доусы игәаҳәара инақәыршәаны иаҳчаԥоит еиуеиԥшым амаҭәарқәа, иаҳҳәап ашәҭқәа, аԥарԥалыкьқәа, аирамшқәа раан адныҳәаларатә кәакьқәеи, мамзар аишәақәеи рзы аԥхьаӡацқәа. Ҳхы иаҳархәо амаҭәахәқәа иреиуоуп аԥшшәы рацәа змоу аҿыхьшьыгақәа, акартон, аҷабга уҳәа. Анаҩс, ҳфантазиа ҳацырхрааны ирылаҳхуеит арԥшӡагақәа", — ҳәа ҳаиллыркааит Сабрина.

Екатерина Еџьан - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ қәыԥш: ссахьақәа сгәалаҟазаареи сцәаныррақәеи рныԥшуеит

Анапҟаза лаԥхьаҟа илгәиҭоуп лдыррақәа рырҭбаара.

"Иахьа, аԥҳәыс аҩны дыштәоугьы, аӡәгьы дихьымԥшкәа ахырҳагеи акрарҳареи лызҭаша рацәоуп. Уи азы иаҭахыу амаашьареи, ахәыцшьеи роуп", — лҳәоит аҩнра ныҟәызго, ахшара зааӡо ан.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, аинтернет ахархәарала, хәарҭара злоу анаплыхқәа рыҟаҵашьа ҭызҵааз аҿар рацәаҩуп. Уи угәы имахәар залшом.

© Sputnik / Томас Тхайцук Саида ЖибаСабрина Гәынԥҳа лнапкымҭақәа
Сабрина Гәынԥҳа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
Сабрина Гәынԥҳа лнапкымҭақәа

Ажәабжьқәа зегьы
0