Аполлон Думаа: аҧсуа бырг иажəа иаӡбоз рацəан, ахааназгьы пату иқəын

© Sputnik / Томас ТхайцукАполлон Думаа
Аполлон Думаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа зиира мшы ыҟоу Очамчыра араион абыргцəа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа дырзааҭгылоит напхгара зиҭо ахеилак аусуреи, аҧсуа бырг аҧсҭазаараҿы иааникыло аҭыҧи, аҿар ииашаны рааӡареи ирызку азҵаарақəа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҧсуаа рҿы абырг еснагь пату иқəуп, иажəа иазыӡырҩуеит, иажәа акрыҧхылнадоит, илаҧшҳəаа акыр иҭбаауп, ахара инаӡоит. Очамчыра араион абыргцəа рхеилак аиҳабы, Леон иорден занашьоу Аполлон Думаа, иқəра шмаҷымгьы, араионқəа зегьы дрылсуеит, аизарақəа мҩаҧигоит, ҳҳəынҭқарра аусқəа дрылахəуп, аҿар реиҵааӡара аус инапы алакуп. Ишырҳəо еиҧш, "унеишь-уааишь" ҳəа зарҳəо, ҳаҧсуара пату-ҳаҭыр ақəызҵо аӡə иоуп.

"Аҧсуаа еснагь ражəа иалан: "Абырг дызмам, Анцəа димам" ҳəа. Уи зырҳəоз уи акəын, ажəытəан аҵара аныҟамыз, абыргцəа зегьы рыхшыҩқəа цҳафыруа иҟамызт, аха иҟан ахазынақəагьы, аҳəынҭқарра иаҭаху аусқəа еилыркаартə еиҧш. Аҧсуа быргцəа ахаангьы пату рықəырҵон ҳабацəа, урҭ рабацəа раахыс", — ҳəа азгəеиҭоит Аполлон Нестор-иҧа.

Аполлон Думава - Sputnik Аҧсны
Думаа: саныхәыҷыз инаркны ацәмаа скын, уи ауп ақыҭанхамҩа сзадҳәалоугьы

Аҧсуа бырг аҧсҭазаара дыҧнашəахьеит, уи иамоу акəамаҵамарақəа зегьы ганрацəала дрызнеиуеит. Абыргцəа ирымоу аҧышəа рыуаажəлар рҿы рхы иадырхəоит.

"Қыҭацыҧхьаӡа иҟан абыргцəа хазынақəа. Иаҳҳəап, џьара гəеизынхарак ҟалома, мамзаргьы аижəлантəқəа рыбжьара ашьакаҭəара аныҟалалак, иара аҳратəра аамҭақəа раангьы абыргцəа рнапы ианырҵон аус аилыргара. Урҭ рнапы зхыргоз аус, аӡбарҭаҿы ианырыӡбоз аасҭа еиҳаны иҟан", — иҳəеит Аполлон Думаа.

Аполлон Нестор-иҧа Думаа, ҧхынҷкəынымзазы 77 шықəса дырҭалеит. Абарҭ ашықəсқəа ирылагӡаны имаҷым инапы иҵиххьоу аҳəынҭқарратəи ауаажəларратəи усқəа. Иахьагьы ааҧсарак ҟамҵакəа ижəлар дрылагылоуп, ихы дамеигӡакəа илшо зегьы ҟаиҵоит.

"Сара еснагь абыргцəа срыдҳəалан, 40 шықəса раахыс. Асовет ҳəынҭқарра аамҭақəа раангьы иҟамзи аилибамкаарақəа, ауаҩшьрақəа, агəеизынхарақəа. Абарҭ абыргцəа ирҳəоз аҿарацəа игəныркылон, уи ахыҧарагьы азин рымаӡамызт. Уажəы абыргцəа ҳəа зхы зыҧхьаӡо ҳаныҷкəынцəаз, ҳаиҳабацəа ирҳəоз зхаҳҵоз, ҳхы-ҳгəы аҟынӡа инеиуан азоуп", — дҳацəажəон Очамчыра араион абыргцəа рхеилак аиҳабы.

Аҧсуара аныҟəгара ус имариаӡам, аҧхӡы азкауҭəароуп, ишахəҭоу еиҧш амаҵ ууроуп. Убасҟан ауп амилаҭ ахаҿра анеиқəхо.

"Уажə рыцҳарас иҟалаз уи ауп, еицəаҳӡар акагьы иаҧсам, ҳара ҳаибашьра анеилга аахыс, абырг ииҳəо захь ирхо аҿарацəа, ҳара ишҳадаҳкылоз еиҧш ирыдыркылаӡом. Убри оуп абыргцəа рус акгьы алымҵызшəа иҟазҵо. Ауаҩы изауҳəо иуҳəо анимаҳалак, нас алҵшəа аиуӡом. Абри даара ирыцҳараны иҳамоуп", — ҳəа азгəеиҭоит Думаа.

Аполлон Думаа иҧсҭазаареи ирҿиаратə мҩеи акыр ихаҭəаауп. Уи иԥсҭазааратә хҭысқәа ирыхҳәааны аҩымҭақəа аҧиҵахьеит, иҭижьхьеит ашəҟəқəа. Аҧсуара аҳра ахьауаз аҭаацəара ду дрылҵит. Напхгара зиҭо абыргцəа рхеилак аҿы еиуеиҧшым аусқəа ҳəаақəиҵоит, дырхаҵгылоит. Иахьа, Тҟəарчал араион аҿы имҩаҧысуеит абыргцəеи ауаажəларреи реиҧылара.

Бенур Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Бенур Шьынқәба иаб Баграт изкны: Симонов аԥсыуала аишәа амҩаԥгашьа иирҵеит

"Раионцыҧхьаӡа аизарақəа мҩаҧаҳгахьеит. Иаҳаӡбозеи, иаҳҳəозеи иахьатəи аизараҿы? Анаркотикатə маҭəашьарқəа рыдкылара, аҿар ииашаны рааӡара, амҩатə машəырқəа иҟалахьоу шырацəоу, арыжəтə ыжəны амашьына аҧсҟы акра шиашам. Ажəакала, ааӡареи ахныҟəгашьеи иатəу аусқəа роуп ҳазлацəажəо. Убрахь иалаҳархəуеит аҿарацəа, арҵаҩцəа, аиҳабыратə классқəа. Абыргцəа иаҳҳəо рхы-ргəаҟынӡа инеир, иаҳҳəо зегь харымҵаргьы, абжакаҟара харҵар, аҧсҭазаара иазеиҕьхап ҳəа агəаанагара сымоуп ", — иҳəеит Думаа.

Аполлон Думаа аҧсуа жəлар иахьа ирымоу ахақəиҭра акыр деигəырҕьоит. Уи шəышықəсала ҳабацəа, урҭ рабацəа ззыҳəоз акəны иҧхьаӡоит.

"Ҳара ҳакəӡам аибашьра аҧшьызгаз, ҳадгьыл ҳамхны, ҳмилаҭгьы аларӡны изгарц зҭахыз ауаа роуп. Ҳаҷкəынцəа рыҧсы сакəыхшоуп, убарҭ рымчала, иҳадгылоз ҳаешьаратə жəларқəа шьханхыҵынтə, мшын-нырцəынтə иааз хдиаспора ирыбзоураны, Аиааира дуӡӡа ҳгеит, аҭоурых ианыло аҟынӡа. Есқьынагьы азхəыцра ҳмилаҭ ирымазароуп, Аиааира иаҳгаз ахьчаразы, зхы ҳақəызҵаз ҳаҷкəынцəа ҕьеҩқəа адамра хыла иаҳмырсыртə еиҧш аҧсҭазаара аҧхьаҟа агаразы", — дҳацəажəон абырг.

Иааиуа Ашықəс ҿыц ҳауаажəлар ирыдныҳəалауа, Очамыра араион абыргцəа рхеилак аиҳабы иазгəеиҭеит:

"Ҳауаажəлар ақəҿиарақəа, аизҳара дуӡӡақəа рымазааит. Очамчыра араион аҿы ҳгəы-ҳаҧсы иҭыхоз ҳаибашьцəа рыхьӡала абаҟа ду ргылахеит. Ҳажəлар аҭынчра рымазааит. Ашықəс Ҿыц ҳазҭало абзиарақəа рзаанагааит, аира рацəахааит, ашықəс хыҵра духааит. Ҳажəлар ахьыҟазаалак аҧеиҧш бзиа рымазааит. Ҽааныбзиала шəнеиааит зегьы!" — абас иажəа хиркəшеит Аполлон Нестор-иҧа Думаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0