Алашарахь амҩа иқәу: апоет Дырмит Габалиа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукТворческий вечер Дмитрия Габелия
Творческий вечер Дмитрия Габелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Алашарахь амҩа сықәуп" ҳәа хьӡыс измаз апоет Дырмит Габалиа ихәылԥаз хәышықәсатәи ирҿиара аихшьаала азыҟанаҵеит. Иара шьақәгылан ҩ-хәҭакны: аграждантә лирикеи абзиабаратә лирикеи рыла. Насгьы ари ахәылԥаз иаиуит даҽакы иаламҩашьо ахатәы ҟазшьа ҷыда.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом

Арҿиаҩы изы ихымԥадатәиуп лассы-лассы аԥсабара аҽамадара, уи агәеисыбжь акалам аԥынҵа арҳәара. Дырмитгьы ихәыцрақәа рыкьҭаԥ аатырц азы амшын аԥшаҳәаҿы днеиааилоит. Уи аамҭазы иара ицзаара, ихәыцра изцәырнаго ажәақәа рзыӡырҩра акыр иаԥсоуп. Саргьы ари апоет ирҿиаратә дунеи иазҿлымҳау сыруаӡәкны схы сыԥхьаӡоит.

Апоет Дырмит Габалиа - Sputnik Аҧсны
Дырмит Габалиа: ҳлитературатә еиҿкаарақәа ихахьоу аамҭа иатәуп

Убас, ҽнак иареи сареи каҳуак еицаҳжәырц "Брехаловка" ҳанаҭаа, исыцеиҩишеит иаарласны зынагӡара иҭахыз игәҭакы. "Хәышықәса ирҭаӡаз сцәаҳәақәа аԥхьаҩ иҭаны сгәы сырҭынчыр сҭахуп" иҳәеит иара усҟан. Ахәылԥаз мҩаԥигарц шиҭаху ансаҳа, иаразнак издырит иара даҽакы иаламҩашьо ахатәы цәаҩа шаиуаз. Зны-зынла ажәеи ауси анеивнаго ҟалалоит. Аха Дырмит Габалиа арҿиараҿы адагьы аиҿкаара аус аҟынгьы абаҩхатәра ҳаракы аарԥшра илшеит. Избан акәзар усҟан исзеиҭеиҳәаз асценарии ахәылԥаз аҟны исбази ҩ-цәыкәбарк реиԥш еиԥшын.

Ҩ-хәдакәыршак рыгәҭаны

Арҿиаҩы ихәылԥаз ҳаналацәажәо, еиҳаракгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы, раԥхьаӡа ҳхаҿы иааиуеит инымҵәаӡо ажәахәқәа, ихырҟьацәоу аибарҽхәара, ажәакала "хазына-мазына" асистема. Ари аформа ахаан ԥсра-ӡра зқәым акакәны иахәаԥшуа рацәаҩӡоуп, уи аҿагылара иаԥсам ҳәа згәы иаанагогьы маҷҩым. Аха Дырмит ҭоурыхла ишьақәгылаз "аԥҟарақәа" реилагара дацәымшәаӡеит, иагьилиршеит ари "аихатәы ԥарда" аҩахара. Иара иаԥиҵаз апоезиатә гәалаҟара, арыцҳара аҟнытә, арҿиаратә уснагӡатәқәа рҟны иахьа лассы-лассы иаҳԥымлозар ҟалап.

Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны
Инал Гыцба: жәларык ԥхьаҟа изго адырра ауп

Ауада хәыҷы агәҭаны игылаз "акарандашь ҟәардә" ҭагалан шахьӡаз мҩашьо иаакәыршаны абӷьы каԥсан. Аҟәардә аҿаԥхьашәа ашәҭ ҟаԥшьқәа улаԥш нарықәшәон. Урҭ уа баша иргыламызт. Апоетгьы ари аԥсабарахь данцәырҵуаз ахәдакәырша (шарф- аред.) ҟаԥш ихәда иакәыршан. Ауха ицәыригоз ипоезиа актәи ахәҭа граждантә лирикан аҟнытә, аԥшшәы ҟаԥшь зсимволызгьы апоет иԥсҭазааратә хәаԥшышьеи "иақәшаҳаҭымхареи" ракәын. Уи аӡбахә ала апоет иажәа анхациркуаз еиҭеиҳәеит раԥхьаӡатәи иақәшаҳаҭымхара шыҟалаз.

 

© Sputnik / Томас ТхайцукТворческий вечер Дмитрия Габелия
Алашарахь амҩа иқәу: апоет Дырмит Габалиа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Творческий вечер Дмитрия Габелия

9-тәи акласс аҟны итәаз Дима гәыԥҩык ашколхәыҷқәа еизиган, аурокқәа ныжьны адиректор ихаҭыԥуаҩ лахь агәынамӡара аарԥшра еиҿикааит. Апоет излеигәалаиршәо ала ари "амитинг" зхы алазырхәыз аҵаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы ҟәнумшьартә аҟынӡа инаӡеит. "Ахақәиҭра азықәԥаҩцәа" азныказы ираҳаз аидеиа иацдырӷызит. Аха иахьдырхәуа ианалага, рҿы рықәшаҳаҭхан, зегьы азыҟазҵаз иахь лассы рнацәкьарақәа дырхазаап. Дырмит иахьа ари аҭоурых анигәалаиршәоз аччаԥшь иҿықәын.

Аԥсны алитературатә фонд аиҳабы Гәында Кәҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәында Кәҵниаԥҳа: ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы ҷыдала аҿар аус рыдырулоит

Апоет ирҿиамҭақәа дрыԥхьонаҵы иааигәа дыҟан ицәаҳәақәа риира иасимволыз и-Муза. Лара зны дхарахон, даҽазны дааигәахон, ихалырҭәаауан ҩнуҵҟала еибарххоз арҿиаҩы ихаҿсахьа. Анапеинҟьабжьқәа рыла иубарҭан, апоет аки-аки еишьҭаргыланы иҭирҟьоз "ахқәа" ахәаԥшҩы игәаҵанӡа ишынаӡоз. Абасала, аграждантә поезиа ахәҭа хәыҷы-хәыҷла ихыркәшахеит.

Перутәи амузыкеи аԥсуа поезиеи

Убри аамҭазы иаарԥшхеит ари ахәылԥаз иамаз даҽа ҷыдарак: апоет абзиабаратә лирика ахәҭахьы диасаанӡа иҟаҵан амузыкатә ааҭгылара. Перунтәи иааз агитарарҳәаҩы Виктор Васкес ихароу атәыла аккордқәа игонаҵы, Дырмит Габалиа абзиабара азышәаҳәара иҽазирхион. Виктор игитарабжьи Дырмит ицәаҳәақәеи аки-аки цәгьалаҵәҟьа еинаалон, иааџьоушьартәгьы еиқәҿырҭуан. Аха уи зџьашьатәуи? Аҟазара милаҭ еилых аздырӡом, зегьынџьара ишҟазароу инхоит.

Дырмит Габалиа абзиабаратә лирика данаԥхьоз ихәда иахаз ахәдакәырша аваза иҭагылаз ашәҭқәеи рыԥшшәы аҽеиҭанакит: уажәшьҭа урҭ шкәакәан. Ҵабыргыҵәҟьаны, ацқьара зхьыкәкәо ари аԥштәы аҟара абзиабара аӡбахә зҳәо даҽа ԥшшәык аԥшаара уадаҩуп. Убри аҟнытә апоет аԥшшәқәа реилыԥшаараҿгьы арҿиаратә гәалаҟара еиҳа ишанаалашаз ала ахҭа иҭаиршәит ҳҳәар ҟалоит.

Иҳәатәуп, Дырмит Габалиа ирҿиаратә хәылԥазы ахь ааԥхьара зиҭаз уамак ишырацәаҩымыз: иара иажәақәа рыла ҭаацәашәалатәи аицәажәара акәын хықәкы хадас имаз. Еизаз ракәзар, еицҿакны излазгәарҭоз ала ҳзышьцылахьоу арҿиаратә усмҩаԥгатәқәа иреиԥшымхеит Дырмит иԥылара. Насгьы агәыӷра ду аадырԥшит уажәшьҭарнахыс зегьы ари аҿырԥштәы шьҭыркаап ҳәа.

Ахәылԥаз хыркәшан абарҭ ацәаҳәақәа рыла:

Сара исхыҵуа здыруа мҩасхьеит,

Сԥеиԥш здыруагь наскьахьеит.

Зны аамҭа ашьыҵәрақәа сыгәҭасхьеит,

Ҽазны сгәы аԥжәара иахьӡахьеит.

Шьҭа амца сыҵоуп, сзыргәаҭеиуа,

Амцаԥшь сақәгылан скәашоит.

Ацԥхьқәа срыцлан сшыԥеиԥеиуа,

Гәыразрак самцахарц сеикәшоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0