Путин ииасыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел встречу с представителями российских деловых кругов
Президент РФ В. Путин провел встречу с представителями российских деловых кругов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Атеатр ду аҿы Ашықәс ҿыц аныҳәа иазкыз адкылараан иҳәеит иаанҳажьуа ашықәс дарбанызаалак изы ахатә ҷыдарақәа шамаз иара убасгьы дрылацәажәеит 2018 ашықәс азы аҭыԥ змаз ахҭыс дуқәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28- Sputnik. Ииасыз ашықәс зегь ҳзы ахатә ҷыдарақәа аманы имҩаԥысит, ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Атеатр ду аҿы Ашықәс ҿыц аныҳәа иазкыз адкылараан.

"Ус шакәугьы иҟан зегь ҳаидызкылоз ахҭысқәа атәыла аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы", - иҳәеит иара. Асеиԥш иҟаз ахҭысқәа рахь иаҵеикит Ҟрымтәи ацҳа аартреи ашьапылампыл азы адунеи Ачемпионати.

Путин ҭабуп ҳәа раиҳәеит "Ахатәгәаԥхаҩы Ишықәс" алахәылацәа, аррамаҵзурауаа – рыпрофессионализм азы, амуниципалтә мчрақәа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, анаплакыҩцәа, атәыла аизҳазыӷьараз иҟарҵо азы.

"Ҳара ҳазыхиоуп ҳаидгыланы ԥхьаҟа ацара, иарбанызаалак аусдҵақәа рынагӡара", - иҳәеит атәыла ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0