Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар: Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иаԥхьагылоу ахҭыс ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы 2018-тәи ашықәс азы иалкааз аусқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
"Хра злоу ахҭысқәа": Дбар ашықәс аихшьаалақәа ирызкны

"2018-тәи ашықәс иадҳәалоу рацәоуп, ҳгәы иаахәашаз аԥсадгьыл аҩныҵҟа ахҭысқәа ҟалеит. Урҭ раԥхьа игылоуп Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ахьалнаршаз. Ари еиҳау адәныҟатәи аусқәа ирыдҳәалоу, даҽа уск ааигәа-сигәа Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҿы иҟамлацызт. Ари раԥхьатәи ҳәынҭқарроуп аԥсуа диаспора ахьынхо Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз. Уи анаҩс адипломатиатә асоциалтә-економикатә усеицура азҵаарақәагьы иаҳа аҿиара роуит", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0