Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Орал Бганба: ҳхеидкыла хықəкыс иамоуп аҿар Аҧсныҟа рхьарҧшра

© Foto / предоставлено Оралом БганбаОрал Бганба
Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сақариа иҟоу аҧсуаа ркультуратə хеидкыла аиҳабы Орал Бганба ашықəс алкаақəа дырзааҭгылоит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Адаҧазар, Сақариа ақалақь аҟны еиҿкаау аҧсуаа ркультуратə хеидкыла аиҳабы Орал Бганба иҭоурыхтə ҧсадгьыл еснагь дазҿлымҳауп. Жəытə-натə аахыс ҭаацəала ирылшо зегь ҟарҵоит ҳҭоурых аиқəырхаразы, ҳаимадарақəа рырҕəҕəаразы. Убас еиҧш, атəым дгьыл аҿы аҧсуа бызшəа абжьы гарц, аҧсуара аҧсы ҭазарц, имариам, зынагӡара аҭаху аҧҟарақəа ирықəныҟəалатəуп. Урҭ аҟазшьақəа еицамкрада излоу Орал Бганба иаҳзеиҭеиҳəеит напхгара зиҭо ахеилак ауснагӡатəқəа ртəы.

"Ашықəс аҧсуа жəлар рзы иманшəаланы ииасит ҳəа агəаанагара сымоуп. Сақариа инхо аҧсуаа рхыҧхьаӡара акырӡа ирацəоуп. Ажəлари ҳареи ҳаицныҟəоит, ҳагəҭакқəа еибаҳҳəоит, ҳаидызкылаша, ҳамч зырҕəҕəаша, милаҭк аҳасабала ҳаиқəзырхаша аусмҩаҧгатəқəа ҳнапы рылакуп, аҧхьаҟагьы иацаҳҵарц ҳҭахуп", — иҳəеит Орал Бганба ҳаиҿцəажəараҟны.

Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Вадим Ҳаразиа: шьаҿа-шьаҿала аусура ҳаҿуп, ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадоуп

Иара убас, Орал Бганба иаҳзеиҭеиҳəеит Ашықəс Ҿыц азы ирымоу агəҭакқəа, аҧхьаҟатəи русурақəа.

"Ҳазегьы ҳаидызкыло акультуратə ҩны лассы иҟалоит ҳəа агəаанагара сымоуп. Хəнызқь ҧшьыркца иаҵанакуа адгьыл ҳамоуп, иҵегьы ацаҳҵоит, аизарақəа ахьыҟаҳҵо, акласстə уадақəа ахьыҟало, асасааирҭа, акрыфарҭа уҳəа ҳҽазҵəылхны аус аҳəаақəҵара амҩа ҳақəуп. Ақыҭақəа ҳрылсны ираҳҳəоит, ҳаидгыларазы амч ҳазҭо проектны иҳаҧхьаӡоит", — ҳəа азгəеиҭоит Бганба.

Ҳаҧсуа милаҭтə культура ахаҿра аиқəырхаразы ҳџьынџьуаа рнапы злаку аусқəа маҷым. Урҭ иарбақəан?

"Зегь раҧхьа иргыланы ҳҿар рҭоурых рдыруазарц ҳҭахуп. Ҳаҧсуа культура, ҳҵас-ҳқьабз, ҳхымҩаҧгара, аиҵби-аиҳаби реихаҵгылара уҳəа абарҭқəа зегьы рылаҳааӡарц ҳҭахуп. Ансамбльқəа ҳамоуп еиҿкааны, убри анаҩсан аҧсуа бызшəа аҵаразы 2018 шықəсазы ақыҭақəа рҿы хкласск хаҳтит, ақалақь аҿгьы класск хаҳтит, ҧшь-класск ҳамоуп. Ахəбатəи аклассгьы ауниверситет аҿы иаарласны ихаҳтып ҳгəахəуеит. Аҧсуа бызшəазы арҵаҩы дҳамоуп Елис Аргəынҧҳа. Шəҩык инареиҳаны ақыҭақəа рҟынтəигьы астудентцəа ҳамоуп ара. Ҳара ҳхеидкыла ахықəкы-ҳабызшəа, ҳкультура аиқəырхара ауп", — иҳəеит ҳаиҿцəажəараҿы Орал Бганба.

Рыдуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Рыдуан Ажəанба: Аҧсназы иҟасҵазеи иахьа ҳəа ихəыцлар бзиоуп ҳауаажəлар

Аҳəаанырцə инхо аҧсуаа еснагь рҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь рылаҧш хоуп, изларылшо ала аимадара аус ацхыраара арҭоит.

"Ҳауаажəлар асоциалтә, аекономикатә хырхарҭақəа рыла адгылара рыҭара, иара убас Аҧсныҟа ицарц зҭаху рыцхраара ҳапрограммаҿы иазгəаҭоуп. Аҧсны Ахьыҧшымра егьырҭ ажəларқəа иазхарҵарц, адунеи ахьӡ алаҵəарц азы аҽазышəарақəа мҩаҧаҳгоит. Ҳара ҳаҧсадгьыл Аҧсны ыҟамзар, ҳдиаспорагьы зыҟалаӡом, иҟаҳҵақəо зегьы башахон усҟан. Ҳҿар, ҳхəыҷкəа зегьы Аҧсныҟа рхы-ргəы ҳархароуп. Аҧсныи аҳəаанырцə иҟоу ҳдиаспореи реимадара изҵаара хаданы ҳахəаҧшуеит, иҳəынҭқарратə политиканы иҟазароуп ҳəа ҳазхəыцуеит", — ҳəа азгəеиҭоит Сақариа еиҿкаау аҧсуаа ркультуратə хеидкыла аиҳабы.

Жəытə-натə аахыс иҳамоу агəыбылра ҳахьчароуп, ҳаиҭанаиааироуп, ҳаҧсадгьыл ахь нхара ицаша, ҧсшьара ицаша рацəаҩхароуп, ҳаидгылароуп ҳəа дазхəыцуеит ҳзыҿцəажəоз ҳџьынџьуаҩ.

"Аҧсынтəыла абзиарақəа аҧеиҧшзааит. Ҭырқəтəылантə даара салам. Аҧсны анапхгара, ауаажəларра рхы-ргəы ишаҭаху ҳазшаз иҟаиҵиааит. Ҽааныбзиала шəнеиааит!" — изеиҕьашьарақəа ҳацеиҩишеит Орал Бганба.

Абраҟа иазгəасҭарц сҭахуп, ҳаҭыр зқəу Орал Бганбеи сареи Ҭырқəтəыла раҧхьаӡатəи ҳаиқəшəара исызцəырнагаз агəалашəарақəа ртəы. 2006 шықəса, абҵарамзазы, ҽнак, Адаҧазар имҩаҧызгоз сжурналисттə усурақəа раан, сара исықəшəеит ҩыџьа аҧсуаа. Сныҟəарақəа мҩаҧызгоз Илҳан Кəаӡбеи, Нураи Ашəҧҳаи срабадырдырит ҩыџьа аҧсуаа, урҭ Орал Бганбеи, Ҭырқəтəылатəи апарламент адепутат Енгин Ҭаскəач-иҧеи ракəын. Ҳанааибадырқəа, аҧсышəала ишцəажəоз ансаҳа, скамереи сдиктофони аашьҭыхны раҧхьа инықəысҵеит, ҳаиҿцəажəарагьы ҳналагеит.

"1990 шықəса рзы Адаҧазар ақалақьи Аҟəа ақалақьи аешьара анрыбжьарҵоз ашықəсазы, сара, Енгин Ҭаскəач-иҧа, Чқəаниа Џьамал, Гəыџьуа Басры уҳəа, 40-ҩык аҧсуаа, Адаҧазар ақалақь ахада ҳицны Аҧсныҟа ҳааит. Аха, уаанӡагьы Аҧснааи сареи асалам шəҟəқəа ҳабжьан, ҳаигəныҩуан", — абас, игəалашəарақəа аацəыригеит усҟан Орал Бганба.

Иара убас, Орал Бганба иҳəеит, Аҧсны жəытə-натə аахыс рабацəа аӡбахə шырҳəалоз, акыр ргəыбылра шадыз.

"Ҳара ақыҭа ҳааӡеит, аҧсуа хəышҭаара ҳааӡеит. Уи аҵакы заку ҳдыруеит. Ҳабацəа, ҳабдуцəа иаҳзеиҭарҳəоз ажəабжьқəа ҳгəалашəоит. Аҧсуа хəышҭаара еснагь аҧсы ҭазароуп, ахааназы иҿымцəаароуп", — дсацəажəон ҳџьынџьуаҩ Орал Бганба.

Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Орал Бганба: ҳаиҳабацәа иалырхыз амҩа ҳацәхьамҵроуп

Аҧсныҟа раҧхьа иаахьаз аиҳабацəа ргəыҧ далан Орал иаб-Џьенгиз Бганба, Орҳан Шамба, Чқəаниа Џьамал, Атəанба Ирфан. Урҭ Ҭырқəтəылаҟа ианыхынҳə, Аҧсны аӡбахə рацəаны ирарҳəеит, убарҭ рыла рыҧсадгьыл еиҳагьы агəыбылра ркит.

"Ҳабацəа аҧсшəа бзианы ирдыруан. Ҳарҭгьы Аҧсны раҧхьа ҳаннеи, иаҳдыруаз аҧсуа бызшəа анаҳҳəа, ҳауаажəлар цəгьа иџьаршьеит. "Ишҧашəхамшҭыц, ишҧеиқəшəырхеи?" рҳəеит. Убас уахи-ҽни ҳаицын, ҳгəазхара ҳзеибабомызт ҳашьцəеи ҳареи", — дцəажəон, ҳаҭыр зқəу Орал.

Орал Бганба, Аҧсны раҧхьаӡа акəны данаа, дзықəшəаз ахҭыс бзиақəа, ахааназы хашҭра изрықəым.

"Исгəалашəоит, ҳҩызцəа, Енгини сареи ашьыжь Аҟəатəи астадион ахь ҳаргеит, зықьҩыла ауаа тəоуп. Ус, амикрафонаҿы бжьык аагеит: "Ҭырқəтəылантəи ҳашьцəа Бганба Орали, Ҭасқəач Енгини ара иҟоуп" ҳəа. Ажəлар зегьы ашьапылампыл ахəаҧшра иаҟəыҵын ршьапы ихгылеит, ҳаргьы ҳҩагылеит", — игəалашəарақəа ҵҩа рымамызт Бганба.

Гəыла-ҧсыла, шьала-дала зыҧсадгьыл иадҳəалоу ҳџьынџьуаа Ашықəс Ҿыц рыдаҳныҳəалоит. Рыгəҭакқəа дара ишырҭахəу еиҧш инаӡааит. Аҧсныдгьыл аҿы наӡаӡа рхəышҭаарамца ҿымцəааит. Аҧсадгьыл гəыкуеит, адгьыл амч ҕəҕəоуп, ихнымҳəыц аҧшəмацəа гəыблыла ирзыҧшуп. Ҽааныбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0