Сымҩаду санызаауеит хшыҩзышьҭра зышәҭаша атемақәа шьҭыхны

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлеонора Когония
Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҽаанбзиала ҳәа шәаҳәо, 2018-тәи ашықәс аихшьаала ҟалҵоит Sputnik Аԥсны аколумнист, адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" автор-амҩаԥгаҩ, ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Сара сзы акыр ихадоуп, Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәеи, арадиозыӡырҩцәеи иахьанӡа ҳахьеицу. Сколумнизми, сдырраҭарақәеи рхархәарала, шәареи сареи ҳаимадоуп, уи разҟуп ажурналист изы. Анцәа исаҭәеишьар зышәхымс ҳаалагылаз ашықәс азгьы ҳаицызаауеит. Изеиԥшрааз ииасыз ашықәс сара сзы? Хәҭакахьала, сҩымҭақәа ирнубаалоит уи ашықәс шымҩасуаз, акультура, аполитика, асоциалтә ԥсҭазаара, арҳәра, аӷьычра, акоррупциа уҳәа, ҳаԥсҭазаара иацу атемақәа шәыдызгалахьеит.

Ус акәзаргьы, ашықәс ҿыцаз дарбанызаалак иеиԥш, сазхәыцыр сҭахуп ииасыз 12 мзы ирылыскаауа.  Зегь раԥхьаӡа иргыланы, аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ишәасҳәарц сҭахуп ҳашьҭахьҟа инҳажьыз ашықәс азы схатә ԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ахҭыс шыҟалаз. 2018 шықәсазы сара сандухеит. Аҟәа ахақәиҭтәра амш азы диит сыԥҳа Дес лԥа, раԥхьатәи смаҭа Иасон Барцыц. Ари зегь иреиҳау гәырӷьароуп сара сзы. Смаҭа ирҭаз ахьыӡгьы сгәаԥхоит, андурагьы сазгәыдууп. 2018 шықәсазы сыҷқәын аиҳабы Абас арра дцеит, Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу аршьаҟауаа ахьазыҟарҵо арра амаҵзура дахысуеит. Сыҷкәын аиҵбы Кан иакәзар, даанахәеит аимадаҩцәа ахьазыҟарҵо Санкт-Петербургтәи арратә университет. Абасала, смаҭа иира аԥхьа инаргыланы, сыҩнаҭа сгәы сазыргаша хҭыс ыҟам.

Ус акәзаргьы, агәалси агәахәеи еицуп шырҳәо еиԥш, иҟоуп акыр сгәы ҭызшьааз ахҭысгьы, абҵарамза алагамҭазы, дҭахоит, сҩыза гәакьа, зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз Али Кәыџба иԥшәмаԥҳәыс Ҳенди Шьанӡааԥҳа. Ари ахҭыс акыр сшьара сықәнарҟьеит, аха аԥсҭазаара исыҵанаҳәон агәырҩа аҽаҭара ауаҩы дышҭанархо, убри аҟынтә, аус зуан иааиԥмырҟьаӡакәа.

Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу адиктор

Сынтәа сыԥсҭазаара аӷьырак ахьымҩасыз Аԥсуа телехәаԥшра 40 шықәса ахыҵит, уи инадҳәаланы, гәыԥҩык сҩызцәеи сареи "зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа аҳәынҭқарра ахьӡ ҳахнаҵеит. Аиашазы, уи сымамызаргьы схы ҟәнысшьо сыҟамызт, аха ус акәаргьы, уи иснарбеит уажәшьҭа сышмаҷым, агхақәа рыҟаҵаара ишаамҭам.

Аҭоурых амҩала: Аԥсуа телехәаԥшра 40 шықәса

2018-тәи ашықәс иацын ипозитивтәу ахҭысқәа маҷымкәа, еиҳаркгьы, ахыркәшамҭаз имҩаԥысуан иҭахаз сҩыза Ҳенди лыҷкәын Барас Кәыџба дызлахәыз аклассикатә музыка аганхьала аҟазара злоу амузыкантцәа қәыԥшцәа рконцерт, аԥсуа театраҿ арежиссиор қәыԥш Гәдиса Ҭодуа ибзоурала ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" аспектакль шьахә ҳаднагалеит, егьырҭ атеатрқәагьы апремиерақәа цәырыргон.

Ииасыз ашықәс афырхаҵа хада ҳәа далыскаарц сҭахуп амузыкант, аскрипкарҳәаҩ, Аԥсынтәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан. Акультуроуп амилаҭ ԥхьаҟа изго, уи ҳаԥшны иаҳҳәозар Терзиан иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа шимазгьы, напхгара зиҭо аоркестр еиқәырханы, амузыкантцәа ҿарацәа рӡыргара инапы алакуп.

Афестиваль Сoncerto grosso мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Сoncerto grosso" мҩаԥысит Аҟәа

Хымԥада, ари аус аҿы ацхыраара ду ҟарҵоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа арҵаҩцәа, урҭ рыдагьы иалшомызт аҿар реиҵааӡара. Ашықәс ахыркәшамҭаз иаартын Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа азал маҷ, уи агәыӷра ҳнаҭоит маестро Терзиан акультура шьҭызхуа апроектқәа аринахысгьы ралыршара иҽазикып ҳәа. Ԥхынҷкәын 27 рзы Терзиан иоркестри иара убас, уи иԥҳа аскрипкарҳәаҩ Емилиеи апианист қәыԥш Барас Кәыџбеи Москва Чаиковски ихьӡ зху аконсервоториа азал аҿы "Чаиковски иҿы сасра" захьӡу аконцерт иалахәын, ақәгыларагьы қәҿиарала имҩаԥысит.

Аԥснытәи аскрипкарҳәаҩ Израиль афестиваль аҟны аиааира лгеит

Сынтәа ишдыру еиԥш, Атәыла ахада иалхрақәа ирышықәсуп. Абри инадҳәаланы, еиҳаракгьы, ииасыз ашықәс ахыркәшамҭаз "аџьшьахәқәа" мҩаԥысуа иалагеит. Ицәырҵуа иалагеит еиуеиԥшым аполитикатә хырхарҭа змоу "ҳтәыла аиқәырхара" иазгәышьуа аиҿкаарақәа.

Аинтернет ҳәарԥсарра ҳазааҭгылозар, хаҭала феисбук аҿы иаатит еиуеиԥшым анонимцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥқәа. Уажәнатә урҭ алагахьеит аҳәынҵәеиқәҭәаратә ҟазшьа змоу анҵамҭақәа рыҟаҵара, иара убас иҟоуп зыхьӡ зымӡо, апрезидентраз ахаҿқәа ҳадызгалогьы. "Дыҷкәына бзиоуп" ҳәа акыр иӡырганы ирыхцәажәоит заа иҳадыргало ахацәа. Феисбук аҭааҩцәа уи азы иқәдыргыло иалагеит азҵаатәқәа "дыбзиазар игәы иҭоузеи, иарбан программоу иҳадигало, насгьы, уи анагӡара ҿҳәарас имаоузеи?" ҳәа. Ари иаанарԥшуеит ҳалхыҩцәа рыбжьара ишыҟоу аҳәынҭқарратә хәыцра змоу ауаа. Иахьа амчраҿы иҟоу ҵәатәышьаҟас ирымоу апартиа "Жәлар ракзаара афорум" акәзар, ҳашьҭахьҟа инҳажьыз ԥхынҷкәын мза аҩбатәи азыбжазы имҩаԥнагеит аизара ду. Асасааирҭа "Интер-Сухум" ҭәын уааԥсырала, ачынуаа инадыркны, амчраҿы иҟоу ирыдгыло налаҵаны.

Маски - Sputnik Аҧсны
Атеатр ацәа зыҟәну аполитика

Аиашазы, ақәгыларақәа улымҳа кыдҵаны уаарзыӡырҩыр, дырҩагьых адгылара роурц шырҭаху аилкаара уадаҩхомызт. Ус анакәха, амчраҿ аҟазаара ргәаԥхеит форумаа.

Абасала, ашықәс ахыркәшамҭазы, "алакә-поемақәа" ҳлымҳа иҭасит амчратә партиа аҟынтәи. Уи ашьҭахь абжьаратәи апозициа ишахаҭарнаку аарԥшуа, ицәырҵит "Азеиԥш ус" захьӡу аиҿкаара. Уаҟагьы, ҳнархьыԥшит, амчра иазгәааны иҟоу ахаҿқәа. Аҳәара уадаҩуп, абжьаратәиқәа хықәкыс ирымоу, аха усгьы, рцәажәашьала хшыҩзышьҭра ауҭар ауеит 2019 рзы ҳаззыԥшым акандидат дцәырҵыр алшоит ҳәа.

Аоппозициатә мчрақәа ракәзар, апрезидент аҳәара ирҭахьан, заа инапынҵақәа шьҭеиҵарц, аха ашықәс ҿыц аламҭалазы аныҳәа аҳаҭыраз акәхап- имчыз аҳәамҭақәа ҟарымҵеит. Ажәакала, имҩасыз ашықәс азы, ауҟьанчаҟьан быжьқәа аԥсуа ԥсҭазаара ишацызгьы, еидыслара дук ҟамлакәа имҩасит.

Ҳазҭалаз 2019 шықәсазы акыр абжьы духашт аԥсуа политика, "ҳтәыла зыршәҭыкакаҷуа акризис- менеџьерцәа" рацәаҩхашт, аха издыруада, ҳазхысхьоу амҩа алкаа азуны, аполитикцәа ирылшаргьы, еиҿагыларада алхратә компаниа амҩаԥгара. Ахархьуаа уеизгьы-уеизгьы акгьы иашьҭам, амчра иазыҩуа аполитикцәа еиҳа иҳараку алхратә культура аадырԥшыр акыр ишьҭнахуан ҳтәыла ахаҿра.

Ҽаанбзиала Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа! Ашықәс ҿыцазгьы, изласылшо ала сшәыцныҟәоит, сымҩаду санызаауеит хшыҩзышьҭра зышәҭаша атемақәа шьҭыхны. Ҽаанбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0