Исгәалашәом ари адиктор знымзар –зны даҿахо, мамзаргьы илҳәоз ажәақәа рҿы абжьықәыӷәӷәара ииашамкәа иҟалҵо. Инеиԥынкыланы Емма Адлеиԥҳа Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь дцәырҵуан 24 шықәса.
Абарҭ ашықәсқәа зегьы Анцәа иҟынтә аҟазара злаз аԥҳәыс ателехәаԥшцәа ԥсышәа ҟаимаҭла ирызналгон ажәабжьқәа. Емма урысшәалагьы атекстқәа дрыԥхьон, аха сара иалыскаарц сҭахуп, ԥсышәала аус зуаз рахьтә лара дшалукаауаз лыбжьы аҭышәынтәалареи, лажәаҳәа ахыркреи рыла.
Емма Адлеиԥҳа аинформациатә дырраҭара "Амшеикәшара" аҟынтә ажәабжь лҳәозар, илҳәоз зегь еилкаан. Дхатәран аиашазы. Ҟазшьала иҟәымшәышәу, зыбжьы рдуны имцәажәо, аԥша илҿанагало зымҳәо ауаҩы сҳәарц сылшоит лара лзы.
Амҩаду дананугьы, Емма илдыруеит жәларык рылаԥш шылху, убри аҟынтәи, аекран аҿеиԥш араҟагьы дҿырԥшыгоуп. Емма Адлеиԥҳа лымкаала адикторра занааҭс ишьҭысхуеит ҳәа дхәыцуамызт, лара ишылгәалашәо ала, машәыршақә иҟалеит.
Амала, Емма илҳәоит данхәыҷызгьы ҿырҳәала аԥхьара бзиа ишылбоз "ашкол санҭаз асаркьа садтәаланы атекстқәа срыԥхьон, иара ашкол сҭалаанӡагьы аԥхьашьа сҵахьан" илгәалалыршәоит лара ҳанеицәажәо урҭ аамҭақәа. Аиашазы, Емма аекран аҿы дызбахьоу ақәшаҳаҭымхар ҟалом, ииашаны аԥхьара акыр иазыҟаҵоу шлакәыз. Емма ашкол даналга дҭалеит ААУ афилологиатә факультет латәарадатәи аҟәша. Аԥсуа радио аҿы уи аамҭаз аус луан лҩыза, убри аҟынтә, Емма уахь сасра дымҩахыҵлон, дагьацклаԥшуан урҭ русушьа.
"Ҽнак зны, аӡәгьы дыҟам анысгәахәуаз, астудиа сныҩнатәан атекст аԥхьара салагеит. Убри аамҭазы уи иахҭыгәлаз аредактор Артиом Амқәаб сыбжьы аниаҳа дааҭгыланы дазыӡырҩызаап", — лҳәоит Емма.
Анаҩсан, уи лыбжьи лаԥхьашьеи згәаԥхаз Артиом Аџыр-иԥа 1987 шықәсазы 19 шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа арадио аҿы аусура лыдигалеит.
Абас иалагеит Емма Адлеиԥҳа лырҿиаратә кариера. Усҟан ателехәаԥшра цәырымҵыцызт, Емма ахәыҷқәа ирызкыз адырраҭара ицымҩаԥылгон Гәырам Амқәаб, нас ажәабжьқәа дрыԥхьо далагеит.
Емма Адлеиԥҳа зхы ахлафаара зылшо уаҩуп, иара убас, асамырҟәылҳәарагьы дазҟазоуп, лыԥсҭазаараҿы агәырҩақәа шылԥықәслахьогьы.
Уи зхысҳәаауа, 1978 шықәсазы ателехәаԥшра анаадыртуаз адикторцәа ралԥшааразы аицлабра анымҩаԥыргоз, "сара сыпрофессионалуп, аицлабра схы шԥаласырхәуеи сҳәан, уахь сымнеит" ҳәа длафуеит лара. Лара дымнеит, аха дук хара имгакәа, усҟан ателехәаԥшраҿы операторс аус зуаз Коте Ломиа хатә ҩызас ихы здикылаз Емма Адлеиԥҳа дышҭаца ҿыцызгьы, "ателехәаԥшрахьы дикторс аусура бҭыҵроуп" ҳәа Кәтол лабхәарааҿы дшыҟаз илзынарыцҳаит аиҳабыра.
Емма лаԥхьа иқәырҵаз атекст ԥықәсларада даԥхьеит, убри алагьы 1978 ш. ноиабр мза анҵәамҭазы еилкаахеит аԥсуа телехәаԥшра дшаиуз зеиӷьыҟам адиктор.
"Сагьшәомызт сагьаҿамхеит, избанзар, уаанӡа аԥсуа радио аҿы ишиашоу ицо аефир аҿы ажәабжьқәа срыԥхьон", —лҳәоит 24 шықәса ажәабжьқәа ҳзеиҭазҳәоз Емма Адлеиԥҳа.
Дазусҭада аԥсуа диктор ҳәа Емма илысҭаз азҵаара абас аҭак ҟалҵоит: "аҿацаҳәа даҿамхаӡакәа даԥхьозароуп, лбызшәеи лажәаҳәеи цқьазароуп".
Зураб Аргун аус ицура акыр иманшәалоуп ҳәа азгәалҭоит Емма анкьатәи аамҭақәа лгәаларшәо. Адикторра адагьы, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Емма еиуеиԥшым ахәылԥазқәеи аиҿцәажәарақәеи, афестивальқәеи мҩаԥылгон.
"Схәыҷқәагьы убра ателехәаԥшраҿы иадсааӡалеит. Иҟан убас еиԥш хҭыск, ишиашоу аефир анцоз аамҭазы схәыҷы иҽӡаны астудиа дыҩналеит, аха арежиссиор Амиран Гамгиа уи ианаамҭаз дгәаҭаны дааникылт", — лҳәоит адиктор.
Ҳазҭагыло аамҭазтәи ателехәаԥшратә хырхарҭақәа дрызхәыцуа, лара иазгәалҭоит: "Адикторра аамҭа цахьеит, ажурналист-автор имҩаԥигалар еиҳа еиӷьуп, аӡә ииҩуа аԥхьара зегьы ирылшом, автор-амҩаԥгаҩ ихаҭа атекст еиқәиршәар еиҳа изыманшәалоуп. Адиктор бзиа дзыԥхьо иара иҩызшәа ахәаԥшҩы идигалозароуп, уи акыр иуадаҩуп…", — ҳәа алкаа ҟалҵоит аԥышәа змоу Емма.
24 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсуа телехәаԥшраҿы ажәабжьқәа ҳауаажәлар идзырҳауаз Емма Адлеиԥҳа, 2004 шықәсазы уажәшьҭа аҿар ираамҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны аредакторрахь диасит.
Иахьа Емма аԥсуа жәабжьқәа редактор хадас дрымоуп. Иуадаҩу аус аҿгьы Емма лара ишылҟазшьоу еиԥш, лыбжьы мырдукәа, ҭынч иналыгӡоит лнапы иану. Абри аԥҳәыс ателехәаԥшра аусуҩцәа дызрылыскаауа, лҟазара мацара азы акәым, Емма илыцым ахамаԥагьара, ахдубеиа абара, ахарҽхәара. Ари даара иҳацәмаҷу ҟазшьоуп.
P.S. Сынтәа ҳиааира ду 25 шықәса ахыҵра азгәаҳҭон. Раԥхьаӡа акәны арратә парад ҳәынқарратә бызшәала имҩаԥган, ақалақь салсны аусурахь амҩа санықәыз рыбжьы саҳауан ҩашьара зқәым ҩыџьа аҟазацәа- Емма Адлеиԥҳаи Зураб Аргәыни.
Аиашазы, иузымԥсахуа дыҟам рҳәоит, аха Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу рыԥсахра мариам. Емма Адлеиԥҳа лҟазаразы илыхҵоуп "Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусуҩы" ҳәа ахьӡ, иара убас, иланашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара.