АҞӘА, ажьырныҳәа 11- Sputnik. Ԥхынҷкәын 30 2018 шықәса инаркны ажьырныҳәа 9 2019 шықәса рҟынӡа аҳазалхратә ҭаҩра иахысит 270 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыреи 60 000 транспорт хархәагеи. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа аофициалтә саит.
Аныҳәатә мшқәа раан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи русура еиҳагьы еиҳахоит. Уахи-ҽни инеиԥшьны аусура цоит.
Аиҳарак аҳәааҿ аусура хьанҭан ажьырныҳәа 4, 5, 6 рзы. Абарҭ амшқәа раан аҳәаа иахысит 19 000 транспорттә хархәагеи 84 000-ҩык ахатәхаҿқәеи. Аҳазалхыҩцәа сааҭк аҩныҵҟала ашәҟәы иҭаргалон 250 рҟынӡа машьына.
2017-2018 шықәсазы, иара абри аамҭазы аҳәаа иахысит 260 000-ҩык атәылауааи 58 000 автомашьынеи.