Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гыцба аинвестициатә агентра шықәсыктәи аусура алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аекономика аминистрраҟны аҳәынҭқарратә аинвестициатә агентра ахада Инар Гыцба
Аԥсны аекономика аминистрраҟны аҳәынҭқарратә аинвестициатә агентра ахада Инар Гыцба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекономика аминистрраҟны аҳәынҭқарратә аинвестициатә агентра ахада Инар Гыцба арадио Sputnik аҟны шықәсыктәи русура алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Гыцба аинвестициатә агентра аусура иазкны

"Ари ашықәс иалагӡаны ҳагәҭакқәа зегьы наҳагӡеит ҳәа ҳазҳәом, аха иҟаҵоу маҷым. Аԥынгылақәа ракәзар аҩныҵҟа аиԥш адәныҟагьы иҟоуп. Уи Қырҭтәыла иҟанаҵо аҿагылара ауп адунеи атәылақәеи ҳареи ҳаимадараҟны, аинвесторцәа Аԥсны радԥхьаларазы. Аҩныҵаҟа акәзар абиурократиа аԥҟарақәа роуп", -ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.

Иара иҳәеит Аԥсны аҩныҵаҟа иҭрыжьуа аалыҵ адәқьанқәа рахь рнагаразы ауадаҩрақәа змаз анаплакыҩцәа ацхыраара рырҭеит ҳәа.

"Адәқьанқәеи анаплакқәеи реимадара иаҳа иҳарӷәӷәеит ҳәа сгәы иаанагоит. Очамчыра, Гал араионқәа рҟны ҳцаны ҳааижьҭеи избоит урҭ раалыҵқәа адәқьанқәа рҟны ишырҭиуа. Аимадарақәа уамак ирымамызт, ишыҟаҵатәу рыздыруамызт", - иҳәеит Гыцба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара  шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0