Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лазба еиҭеиҳәеит афымцалашара ахә ахшәааразы аҭагылазаашьа шыҟоу

© Sputnik / Томас Тхайцук"Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭиира" аиҳабы Инал Лазба
Амшынеиқәафымцамч афилиал Афымцаҭиира аиҳабы Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭиира" аиҳабы Инал Лазба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ҳтәылаҟны афымцалашара ахә ахшәаара аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Лазба афымцалашара аԥара ахшәаара иазкны

"Аԥара аизгара азҵаара ҳалацәажәозар, зегь раԥхьа иргыланы алҵшәа бзиақәа ахьҳамоу аиуристтә хаҿқәа рҟны ауп. Ашықәс иалагӡаны арбагақәа урҭ рганахьала 90 процент рҟынӡа инаҳгеит, уи рекордуп. Ԥыхьа 86, 9 процент ыҟан. Ас еиԥш арбагақәа алыршахеит аинкассақәа рыла, иара убасгьы аиуристтә хаҿқәа урықәыӷәӷәаны алашара рымхразы, арцәаразы иаҳа аҭагылазаашьа маншәалоуп. Аԥара атәы ҳҳәозар, 26 миллион мааҭ рыла еиҳаны еизаҳгеит. Егьыс ауаа ртәы ҳҳәозар, афымцалашара ахә ахшәаара аҭагылазаашьа иаҳа акыр еицәахеит, 16 миллион мааҭ рыла еиҵаны аԥара ылҳхит. Уи зыхҟьо амзызқәа рацәоуп, насгьы алшара ҳамам хаҭа-хаҭала алшара рымхра. Ари ашықәс азы уи ада ԥсыхәа амаиур ҟалап, избанзар иахьа аԥара зшәо хаҭалатәи ахаҿқәа 39 процент роуп, 250 миллион мааҭ ҳагхеит хаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи, аиуристтә хаҿқәа рҟынтә 20 миллион ашықәс азы. Зеиԥшла иуҳәозар, иахьа Аԥсны 57 процент рҟынӡа инаҳгеит арбагақәа, уи аԥхьа ашықәсан 55 процент роуп иҳамаз. Ажәакала, иааидкыланы иугозар ҳаиӷьуп аиуристтә хаҿқәа ирыбзоураны", - ҳәа азгәеиҭеит Лазба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0