Сургут-Москва ареис ала аҳаирплан зыртәаз ахаҵа уи мҵаирсуан ҳәа ахара ихараҵоуп

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународный аэропорт Мурманск
Международный аэропорт Мурманск - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусҭҵаара аӡбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит Павел Шаповалов даанкылазарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Урыстәыла аусӡбаратә еилакы ажьырныҳәа 22 рзы Сургут-Москва ареис ала иԥыруаз аҳаирплан зыртәаз ахаҵа уи мҵаирсуан ҳәа ахара ихаранаҵоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла аусӡбаратә еилакы аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко лажәақәа рыла? амедицинатә гәаҭара иаанарԥшит Шаповалов ишьаҿы алкоголь, анаркотикқәа, аԥсихотроптә маҭәашьарқәа шаламыз. Ахара зыдҵоe аԥсихолого-ԥсихиатриатә експертиза дахрыжьраны иҟоуп.

Самолет авиакомпании Аэрофлот - Sputnik Аҧсны
Шьамтәыла "Аэрофлот" аҳаирпланқәа атәылахь иԥырларцаз ааԥхьара ҟанаҵеит

Иҿахәы аниҿырхуаз ахаҵа илымшеит иҟаиҵаз мзызс иамаз аҳәара. Иара убри аан иҳәеит арыжәтә шимжәыз, анаркотикқәа шидимкылаз, абџьари арԥжәагеи шимамыз.

Аусҭҵааҩцәа аекипаж алахәылацәеи зықәра наӡахьоу апассаџьырцәеи рызҵаара мҩаԥыргеит. Шаповалов инхарҭаҭыԥ аҿы аԥшаарақәа мҩаԥган. Аҳаирплан аҿы иарбанызаалак абџьари арԥжәагақәеи ыҟамызт.

Ажьырныҳәа 22 рзы "Аэрофлот" иатәу аҳаирплан , ареис Сургут-Москва Ханты-Мансиск итәар акәхеит. Аҳаирплан апассаџьырцәа руаӡәк аԥрыҩцәа ркабинахь анеира иҽазышәо адҵа ҟаиҵеит рымҩа рыԥсахырц, аҳаирплан Афганисҭанҟа ахы архарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0