Аԥсны аимҳәаҿкы цәырҵит

© Sputnik / Sergey VenyavskyАԥсны аимҳәаҿкы цәырҵит
Аԥсны аимҳәаҿкы цәырҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит атәыла ауааԥсыра рахь ианаамҭоу аҳақьымцәа рахь идҵаалаларц, избанзар ицәырҵыз аимҳәаҿкы (свиной грипп (H1N1) ашәарҭара амоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзура адырра ҟанаҵеит ареспубликаҿы ишазгәаҭоу аштамм H1N1 ("свиной") аимҳәа змоу ҩыџьа ауаа. Дара ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аимҳәахкы шьақәзыргыло атестқәа аахәоуп - Sputnik Аҧсны
Аимҳәахкы шьақәзыргыло атестқәа аахәоуп

Аимҳәачымазара змоу егьырҭ ачымазцәа зегьы ирҿыгоуп.

"Ачымазцәа аимҳәаҿкы H1N1 рыхьуеит ҳәа шьақәдырӷәӷәаанӡа аҽыхәышәәтрахь инеихьан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ауааԥсыра ианаамҭоу ахәышәтәырҭахь рыдҵаалара еиҵанатәуеит аимҳәа иацу аҭагылазаашьа уадаҩ, ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.

"Апрофилактикатә уснагӡатәқәа рахь иаҵанакуеит: аоксолинтә хьшьтәы аԥынҵа аҭшьра, лассы-лассы анапыӡәӡәара, аџьыкхыш ма асода злаԥсоу аӡырҟәанда ахәда аҭыршара, агәыԥ А,В,С авитаминқәа рыжәра, мышкы ахы-аҵыхәала ҩ-литрак рҟынӡа аӡы ажәра", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убри аан зегь раасҭа ихәарҭаны иҟоу ианаамҭоу алаҵа аҟаҵароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0