Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра: акарантин алагалараз ҵаҵӷәы ыҟам

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра: акарантин алагалараз ҵаҵӷәы ыҟам
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра: акарантин алагалараз ҵаҵӷәы ыҟам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба еиҭеиҳәеит ареспублика ашколқәа рҿы акарантин алагалахар аныҟало.

АҞӘА, жәабран 4– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акарантин алагалараз ҵаҵӷәы ыҟам иҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба.

Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игорь Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: еиҳарак ахәышәтәырҭа иадҵаало Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны инхо роуп

"Мчыбжьык ирықәуп ареспублика араионтә школқәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥаагоижьҭеи аимҳәаҿкы зыхьуа ауаа ыҟоуп ҳәа ирылаҵәаз аинформациа ашьҭахь", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Гәылрыԥшь араион аҿы 40% рҟынӡа ахәыҷқәа ашкол ахь аныҟәара иаҟәыҵит. Абри аҩыза аҭагылазаашьоуп иҟоуп Аҟәеи Пицундеи.

"Ашкол ахь имныҟәо ахәыҷқәа рацәаҩуп. Агәабзиарахьчара аминистрра уажәы агәаҭарақәа ирҿуп – ахәыҷқәа рыҟамзаара рчымазара иадҳәало аҭаацәа шәаны урҭ ашкол ахь иормыжьуоу", - иҳәеит Какоба.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Акарантин алагалараз ҵаҵӷәы ыҟам иҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба.

"Амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инеиуа рхыԥхьаӡара маҷуп. Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи ҳаиныруеит. Ичмазцәоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 20% еиҳахар, акарантин алаагалоит", - иҳәеит аминистр.

Иара убри аан иазгәеиҭеит акарантин алагалахар аҵарашықәс аҿҳәара ишацырҵо.

"Тҟәарчал, Гал, Гәдоуҭа араионқәа рышколқәа рҿы ахәыҷқәа шныҟәац иныҟәоит. Гәылрыԥшь араиони Аҟәатәи ашколқәа (10, 15, 2) рҿи Пицундатәи ашколи рҟны ахәыҷқәа рныҟәара акыр иԥкуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Уаанӡа ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан асезонтә вирус рыманы ахәышәтәырҭахь идҵаало рацәаҩуп ҳәа.

Адлеиԥҳа: аҳҭныҟалақь ашколқәа рҿы акарантин алагалара аҭахны иҟам

Ажәабжьқәа зегьы
0