Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Насиба Молье: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵомызт мышкымзар мышкы Аԥсныҟа нхара ҳаауеит ҳəа

© Foto / Сырма АшәԥҳаНасиба Гьечԥҳа
Насиба Гьечԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2014 шықəса рзы Шьамтəылантəи зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь нхара иааз Гьечаа рҭаацəа аҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шьамтəылантəи шықəсқəак раҧхьа зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь нхара ҳəа иааз ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Фесоль Гьечбеи Насиба Мольеи рҭаацəа. Носиба хылҵшьҭрала дадыга ҭыҧҳауп, Шьамтəыла Кунеитра ҳəа иахьашьҭоу аҧсуа-адыга хылҵшьҭрақəа ахьынхоз ақыҭаҿы диит. Лыҧшəма Фесоль Гьечба, Кунеитра инацəыхарамкəа иҟоу Гассаниа дынхон. Арҭ аҭаацəа Аҧсныҟа ишааз рыӡбахə саҳахьан, исҭаххеит рыҩнаҭа саҭаарц, иааигəаны дареи сареи ҳаибадырырц, насгьы гəаартыла ҳаицəажəарц.

Аиааирамш аламҭалаз Сириатәи ахәыҷқәа 50-ҩык Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿкаан

Дранда аҳаблан, арепатриациазы аминистрра ахарџьала ҳџьынџьуаа рзы еиҭашьақəыргылоу жə-еихагылак змоу ауадақəа руак аҿы инхоит Гьечаа рҭаацəа. Аҽны сара исықəшəаз аҧшəмаҧҳəыс лоуп, аҩнаҭа аҧшəма аусура дыҟан. Дысҧылеит ҧҳəыс ҧшӡакы, ҧсылман ҵасла ишаҧу еиҧш лхы-лҿы касыла иҭаҳəҳəаны. Харантə иубарҭан ари аҧҳəыс гəыкрак шлыҵаз, лыблақəа агəыразра рхыҳəҳəала ишыҟаз.

Рынхарҭа аҭыҧ азааигəара игылоу, еихагылак змоу, зышəагаа маҷым ахыбра абарҵа дныҵыҵын лнапқəа насыкəыршаны саалгəыдлыҳəҳəалеит зыӡбахə сымоу аҧҳəыс. "Арахь быҩнал, араҟа сара аус ахьызуа аҭыҧ ауп", - лҳəеит. Лажəа ҩбамтəкəа сналыцыҩналеит. Насиба, ари ахыбра аҩныҵҟа еиҿкааны илымоуп акрыфарҭа маҷ, аусураҟынтə аҩныҟа ихынҳəуа рзы иааинырсланы ахəы ахьаархəаша. Аҧсшəақəа анааибаҳҳəа, ҳаиҿцəажəарагьы ахы ныҵнахит.

"Сара ҩыџьа ахшара сымоуп, ҭыҧҳаки арҧызбаки. Сыҧҳа ара дынхоит, лыҧшəма Емхаауп, Шьамтəылантəи иаақəаз дреиуоуп сымаҳə. Смаҭацəа араҟа ашкол иҭоуп. Сҧа Германиа дынхоит, сыҧшəма иқəра шыҟоугьы усда дтəам, аргылара аус инапы алакуп", - абас рҭаацəаратə ҭагылазаашьа ала сацəажəара дналагеит Гьечаа рҭаца.

Насиба излалҳəо ала, Шьамтəыла инхо Гьечаа хəыҷгьы-дугьы зықьҩык инарзынаҧшуеит. Амҳаџьырра аамҭазы иҟоуп Ҭырқəтəылаҟа иагаз, уантə - Шьамтəылаҟа. Дқəыҧсычҳауа илгəалалыршəон аҧсуа-дыга хылҵшьҭрақəа аҭоурых аӡеибафара ирзаанагаз агəаҟрақəа, иџьашьатəызаргьы адунеи еиуеиҧшым атəылақəа рҿы инхо хџьынџьуаа ахеиқəырхара шрылшаз. Аха, урҭ рҭагылазаашьа аҧхьаҟа аӡы зҵабаз аҧсыӡ ишаҩызахо. Избанзар, рбызшəа аӡра амҩа иануп, уи алымшахароуп.

Роза Чамагуа. - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа: "Гәында" иабзоураны аԥсуа ашәақәа ҳҵеит

"Шьамтəыла сара сызланагалаз аҧсуа ҭаацəара ҳаҭыр-ҧату сызрықəуп, иҭаацəара дуун. Зегьы џьарак ҳаицынхон, хəышҭаарак ҳаиднакылон. Сара исгəалашəом, ҳаизымҧшықəа хəык ҟаҵаны ианаҳфахьаз, иҳабжьаз аҳаҭыреиқəҵара алацəажəара иаҧсам ҳəа сгəы иаанагоит, избанзар уи ус иаҧын, ахыҧашьа ҳамаӡамызт. Сара сан еснагь убас лҳəалон, "знык аҭыҧҳа аҭаацəара даналанагала, лышьҭахьҟа дхьамҧшроуп, дызланагалаз дыртəуп" ҳəа. Шаҟа ииашоузеи ари ахшыҩҵак, шаҟа ирацəоузеи аҧҳəыс лҭакҧхықəра", - дҳацəажəон Насиба Молье.

Аҧсуа ҧҳəыс лҟазшьа аҷыдарақəа азгəаҭауа, Насиба илҳəеит аҧҳəыс зегь раҧхьаӡа иргыланы лыхшара рааӡара аус ҭакҧхықəрала дазнеир шакəу. Уи зегь раҧхьа илыргылоит.

"Аҧҳəыс аҩнтəи аусқəа лнапы рылакызароуп. Аҩнаҭа аҧшəма уасхырс дҟалароуп. Рҩыџьагьы рҳəоу еиқəшəаны аҧсҭазаара нап анадыркы, амҩа иаша ианымлар залшом. Сара уажəшьҭа схəыҷқəа дууп, убри аҟынтə схы сақəиҭуп, исылшо ала бзиа избо аус саҿуп, афатə аҟаҵара, исҭахуп снапкымҭа сыуаажəлар хаала ирфарц", - ҳəа азгəалҭоит Насиба.

абысҭа - Sputnik Аҧсны
Аныҳәатә чысны ирԥхьаӡо: ҳџьынџьуаа ируа аԥсуа бысҭеи, аҟәыдыршьшьи

Насиба аус ахьылуа акрыфарҭа "Фалафел" ахьӡуп, еиҳарак араб чысхкқəа ҟалҵоит. Лнапкымҭа агьама саргьы ислырбеит, даараӡагьы исгəаҧхеит. Акрыфарҭа иназааигəаны иҟоуп алауашь ахьырӡуа, иара убас ахаҧыц ҟаҵарҭа, еиуеиҧшым анаплак маҷқəа, аус зуагьы ҳџьынџьуаа роуп. Аиаша шəасҳəоит, уи даара гəахəала исыдыскылеит.

"Досу излаҳалшо ала ҳтəаӡам, аус ҳуеит, ҳхы ныҟəаҳгоит. Ауадаҩрақəа иахьабалак иҟоуп, аха урҭ уҽрыумҭароуп, уриааироуп. Шьамтəылантəи иааз аиҳабацəа аҧсшəа ҳзымдыруазаргьы, агəыҕра ҳамоуп ҳахшара, ҳмаҭацəа ирҵап ҳəа. Ҧхыӡ иаҳбар ихаҳҵозма, анхара акəым, ҳҭоурыхтə ҧсадгьыл ҳаҭаауеит ҳəа. Зны-зынла лакəҵас иансыдыскыло ыҟоуп. Аиаша шəасҳəоит, сҭаацəеи сареи акала ҳахьхəны ҳаҟаӡам, уажəаҧхьа ҳахьзымаацыз ауп ҳанааидтəало ҳгəы иаланы еибаҳҳəо", - лҳəеит Насиба Молье.

Амш ахəлара исымнахаанӡа Дранда аҳаблаҿы инхоз ҳџьынџьуааи сареи акыр ҳаицəажəеит, ҳаибабеит.

"Абызшəа ахьаҳзымдыруа аҭыҧантəи аҧсуааи ҳареи рацəак ҳзеицəажəом, убриак ауп ҧырхагас иҳамоу. Ауаҩы ауаҩы изы дыхəшəуп. Ҳгəылацəа ааигəа-сигəа иҳаванхо ҳаилыркаауеит, ҳгəы дмырҷыдацт. Ҳаргьы аратəи аҧсҭазаара аҽаршьцылара ҳҽазаҳшəоит. Сара қəрала сышмаҷымгьы анхара аҽаршьцылара аус сцəыуадаҩхеит ҳəа исыҧхьаӡом. Гəыла-ҧсыла иуҭахны уҧсадгьыл аҿы уанынха иара гəыблыла уаднакылоит, ажəҩан ахь ухазгалаша амҵəыжəҩақəа ааухəоит", - абас лгəалаҟазаара бзианы дҳацəажəон Насиба Молье.

Насибеи сареи ҳаицəажəара ҭырџьманс даман Ҟарачы-Черқьесскынтəи Аҧсны инхо, Насиба лгəыла ҧҳəыс Лиудмила Ашьхацааҧҳа, ҭабуп ҳəагьы ласҳəоит. Зыуаҩыбжара иҭысхьоу Лудмила Ашьхацааҧҳа Аҧсныҟа лаара аҭоурых, хымҧада анаҩстəи анҵамҭақəа рҿы ишəзеиҭаҳҳəоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0