Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абыхәба еиҭеиҳәеит аҵыҵындра ааӡара иацу ауадаҩрақәа ртәы

© Foto / из личного архиваДмитрий Абухба
Дмитрий  Абухба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟоу аҵыҵындра ааӡарҭа анхамҩа раалыҵ аизгара ианалаго, насгьы уи ҳтәыла анҭыҵ аҭиразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аӡҩыбжьа ақыта ахада Дмитри Абыхәба.
Абыхәба еиҭеиҳәеит аҵыҵындра ааӡара иацу ауадаҩрақәа ртәы

"Ԥшьышықәса ҵуеит аҵыҵындра ааӡара ҳаҿуижьҭеи, иара ишахәҭоу иаҵныҟәатәуп, ианахәҭоу ахәшә, аӡы аҭаҭәуп. Аҵыҵындра атәы узымдыруазар, уаламгар еиӷьуп. Ҳаалыҵ аҭираҿы уадаҩрас иҳамоу аҳәаа ауп, ишаҳҭаху еиԥш иаҳзахыгом, иара ирлас ибжьысуа акоуп, мышкала ианахыумга икаужьыр акәхоит. Урыстәыла иахьаҳҭиуа ҳамоуп, изгогьы дыҟоуп. Аҵыҵындра ааӡара, ахәшәтәра даара ахарџь рацәа ақәуп, аџьабаа рацәаны иадуҵароуп,  уи ауп ахәгьы замоу. Уажәы аҿыхра ҳаналагалак, ауаа адҳаԥхьалоит, урҭгьы рус ахә ахшәаатәуп. Аҵыҵындра хәажәкырамза анҵәамҭаз, мшаԥымза алагамҭаз аҭирахь инаҳгарц ҳгәы  иҭоуп",  - ҳәа азгәеиҭеит Абыхәба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0