АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аԥсныи Ненецктәи автономтә округи ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-економикатәи, акультуратәи усеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Ненецктәи автономтә округ агубернатор Александр Цыбульски иажәақәа рыла, амеморандум Аԥсныҟа атуристцәа хьанарԥшыр ауеит.
"Сара сгәаанагарала, атуристтә-рекреациатә усхк ала иалагатәуп. Ҳара иҳалшоит еиҿкаау атуристтә гәыԥқәа ареспубликахь раашьҭра аха убри аан аԥсуа ган амаҵзурақәа азыԥхьагәанаҭароуп", - иҳәеит Цыбульски.
Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба игәаанагарала, адокумент аганқәа рыҩбагь рзы аҵакы аманы иҟоуп. Иара иҳәеит Аԥсны атуристтә проектқәа Ненецктәи автономтә округ ауааԥсыра ирыднагалар шалшо.
"Ҳара асасцәа ҳреигәырӷьаны иҳадаҳкылоит. Раамҭа бзианы ирхыргартә иҟаҳҵоит", - ҳәа иҳәоит Нанба.
Шәача, жәабран 14 рзы иаатит Урыстәылатәи аинвестициатә форум-2019. Афорум далахәуп Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы Дмитри Медведев.