Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Альбина Каралова: аҳәаа сахысны Аԥсны сшьапы шаақәсыргылаз исгәыҵасыҳәҳәар сҭахуп

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәАльбина Караловеи лхәыҷқәеи
Альбина Караловеи лхәыҷқәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәуа ҭыԥҳа Альбина Каралова лҭаацәеи лареи рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсныҟа ишыхынҳәызи аратәи рыԥсҭазаашьеи атәы ҳзеиҭалҳәеит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Альбина Каралова лабшьҭра Аҧсны, Ҧсҳəы ақыҭа иҭыҵны Ҟарачы-Черқьесск инанагақəаз иреиуоуп. Уаҟа Ҧсыж ақыҭан анхара иалагеит, иахьагьы Альбина лҭаацəа уаҟа инхоит. Имаҷым ари ақыҭаҿы Ҧсҳəы иҭыҵны уаҟа зыҧсҭазаара мҩаҧысуа егьырҭ ажəлақəагьы. Альбина излалҳəо ала, еснагь Аҧсныҟа нхара ҳəа дызлаара амҩа дашьҭан. Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҧхьа, лашьа Альберт Каралов, араҟа аҵара иҵон, асахьаҭыхратə ҵараиурҭа дҭан. 1987 шықəса рзы, Альбина Аҧсныҟа даартə еиҧш аҭагылазаашьагьы лоуит. Лара илгəалалыршəоит раҧхьаӡа акəны ари адгьыл лшьапы анықəлыргыла цəаныррақəас илызцəырҵыз.

"Аиаша шəасҳəоит, аҧсуа дгьыл сшьапы анаақəсыргыла схы инаркны сшьапаҟынӡа акы сааимнадеит. Сгəаҵаҿы ҧхаррак сызцəырҵит, сабдуцəа ажəытə аамҭа ирзаанагахьаз аҭоурых иаразнак сатəнатəит. Саҧхьа ицəырҵуан исзымдыруаз ахаҿсахьақəа, сыблаҿы иааиуан сабдуцəа рынхарҭа ҭыҧқəа, урҭ шысзымдыруазгьы сыхшыҩ ишсыҵанаҳəоз ала, гəынхəҵысҭала иҭысхуан", - дҳацəажəон Альбина Каралова.

Насиба Гьечԥҳа - Sputnik Аҧсны
Насиба Молье: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵомызт мышкымзар мышкы Аԥсныҟа нхара ҳаауеит ҳəа

Альбина агəра лгоит аҧсҭазаараҿы ус машəырны акагь шыҟамло. Аамҭак ааиуеит улахьынҵа уара ушақəымгəыӷуа еиҧш аҽанеиҭанакуа. Ус еиҧш ҟалеит ҳара ҳзыҿцəажəоз аҧҳəызба лнысмҩаҿгьы.

"Сара Баграт Шьынқəба ироман "Ацынҵəарах" санаҧхьа нахыс еиҳагьы исныруа салагеит амҳаџьыра иамаз аҵакы, ҳауаажəлар зҭагылаз агəаҟра цəгьа. Еимгеимцарак иадымхаргьы ҳхаҿы иааҳгап, ҳауаажəлар абас еиҧш алахьынҵа џьбара иақəымшəар, иахьа Аҧсынтəыла шаҟа еинҭəыланы, еизҳазыӷьаны иҟазаауаз?.." -лхəыцрақəа ҳацеиҩылшон Альбина.

Альбина афатəҟаҵара аганахь ала технологуп, Ҟабарда-Балкариатəи аҵараиурҭа далгахьеит. Лара ҩыџьа ахшара дрануп, аԥеи аԥҳаи лымоуп, аҭаацəара иалалахьеит, илызҳауеит лмоҭа. Ишырҳəо еиҧш, Альбина лхи-лыхшареи еидкыланы дынхоит Аҧсны.

"Сыхшареи сареи Аҧсны ҳанхоит 2008 шықəса раахыс. Арепатриациазы аминистрра абзоурала, 2014 шықəса рзы Дранда аҳаблан иҳарҭеит анхарҭа ҭыҧ. Иазгəасҭарц сҭахуп, ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳəразы аҳəынҭқарра иҷыдоу ахаҵгылара шыҟанаҵо, иҭабуп ҳəа расҳəоит. Иҭабуп ҳəа иасҳəоит ҳара ҳазҵаарақəа еснагь ирхаҵгыло Аҧсны Жəлар реизара адепутат Илиа Гəыниа", - ҳəа азгəалҭеит Альбина Каралова.

Альбина Каралова лҭаацəеи лареи ахьынхо рыҩнаҭа санаҭаа, лыхшара аусура иҟан, лмаҭа хəыҷы дыцəан, лара лакəын дызбоз. Ус дҳахҭыгəлеит лара лҧа Арсен. Иубаратəы иҟан аҭаацəа рыбжьара иҟаз апатуеиқəҵара, реицəажəара зегьы аҳəон.

"Аҧхашьара ҳəа ажəак ыҟоуп. Убри иаҵанакуа дарбанызаалак ианазгəеиҭа, аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа бзиамхар залшом. Сара сгəанала аҧсуара зегьы абри ажəа заҵəык иаҵаҵəахызар ҟалап. Иахьабалак ауадаҩрақəа ыҟоуп, аха урҭ ҵəылымхкəа, имырӷыӷкəа иуӡбароуп. Аҳəынҭқарра ду аҿакəым, аҭаацəара рыҩныҵҟа еилибамкаарак ҟамлар залшом. Досу ирыгыу-ирыбзоу рыбла ихымықшалакəа, еизааибаганы, еизхəыцны ирыӡбароуп. Ҳара ҳажəлар маҷуп, аҭоурых ҳзықəнаршəахьоу ҳхаҳмышҭыроуп, абааҧсы", - абас лхəыцрақəа ҳацеиҩылшон Альбина Каралова.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Альбина лгəылацəа еиҳараҩык Шьамтəылантəи зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь ихынҳəыз ҳџьынџьуаа роуп. Аиаша шəасҳəоит, сааҭк аҩныҵҟа сара арҭ аҭаацəа срысаснаҵы, аҩны ашə амкӡеит. Уажəы-уажəы, ашə инасны "Альбина, быҟоума?" - ҳəа агəылацəа рхы ааларкуан. Аҧсуаа ражəа ишалоу еиҧш, „агəыла бзиа агəы даҧсоуп“.

"Сыгəра жəга, аурыс-аҧсуа ҳəаа саахысны Аҧсныҟа санааҭалалак, адгьыл сҽықəыжьны игəыдыскылар сҭахуп, ауаа зегьы сара исҭынхацəоушəа исзааиуеит. Сыхшарагьы ирыласааӡар сҭахуп Аҧсадгьыл еиҳау акагь шыҟам, аҭаацəара аҟноуп зегьы ахы ахьакуа. Иарбан динзаалак агəра ганы ианхауҵа, ианныҟəуга, хымҧада, амҩа иаша уқəнамҵар залшом. Иаҳдырааит зегь зымчу Анцəа ду дшыҟоу, илҧха ҳамазааит", -гəҭыӷьӷьаала дҳацəажəон аҧхəызба.

Уи аҽны даҽа аамҭанык еиҧшымкəа сгəалаҟазаара бзиан. Ҳзыҿцəажəоз ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл аҿы рыҟазаара ишеигəырӷьоз рхы-рҿы ианубаалон. Еиҳау насыҧс иҟоузеи урҭ рыхшара иахьа аҧсуа школқəа рҿы аҵара ахьырҵо, аҧсуа хəыҷбаҳчақəа рахь иахьцо, аҧсуа ҩызцəа ахьрымоу, аҧсуа ҳəынҭқарраҿы иахьрызҳауа. Иҟан рҭаацəеи сареи ҳаиҿцəажəарақəа дара аҭырџьамнра аназыруазгьы. Ҳаҧсуа жəаҧҟақəа рҵакы лассы-лассы схəыцраҿы аҭыҧ ааныркылон, нас ишҧа "Аӡы ахьышьҭрахь игьежьуеит!".

Ажәабжьқәа зегьы
0