Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лашәриа иҩымҭа "Аџьынџь" азы: ҳаибашьра аӡбахә адунеи ԥхьаҩы иҟынӡа анагара сашьҭан

© SputnikМушни Ласурия
Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Наш современник" аҟны урысшәала еиҭаганы акьыԥхь збаз Мушьни Лашәриа ипоема "Аџьынџь" азы апремиа ианашьоуп. Аҩымҭа аҭоурых, насгьы иара ажурнал аҿы ишкьыԥхьхаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьниа Лашәриа.
Лашәриа иҩымҭа "Аџьынџь" азы: ҳаибашьра адунеи ԥхьаҩ иҟынӡа анагара сашьтан

"Ари иаҳхысыз аибашьра иазку ҩымҭоуп. Жәабаҟа шықәса аус адызулон. Аибашьра ахԥатәи амш инаркны ари аусумҭа аҩра салагахьан. Иҩны саналга аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рганахьала ахәшьара ҳаракгьы аиуит, аха сазхьаауан урысшәала аиҭагара, аԥсуаа ҳзықәшәаз азалымдара аурыс ԥхьаҩ иҟынӡа анагара. Аибашьра иазку ирацәоуп аматериалқәа, аха ашәҟәыҩҩ иажәа хазуп. Урысшәала ианҭыҵ адунеи ԥхьаҩ иахь аҩымҭа неит ауп иаанаго. Аиҭагарагьы имариоу усым, Анцәа иҟнытә аиҭагаҩ Наталиа Ванханен ҳаицәажәан ҳаизааит, иара хышықәса аус адылулон. Иара анҭыҵ ашьҭахь, Москва сҩыза Куниаев иҟны иназгеит. Иара даара аҩымҭа игәаԥхеит, иӡбеит ажурнал "Наш современник" аҿы икьыԥхьырц, аномер иарала иааиртырц. Сара иахьынӡасгәалашәо ус еиԥш уаанӡа иҟамлацызт", - ҳәа азгәеиҭеит Лашәриа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0