Лавров: Украина Керчтәи аӡыбжьахалаҿы апровокациа аҟаҵара агәҭакуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСергеи Лавров
Сергеи Лавров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Павел Климкин Азовтәи амшын аганахь ала Урыстәылеи Украинеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра ԥыргахар алшоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Керчтәи аӡыбжьахалаҿы Киев апровокациа агәы иҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Крымский мост - Sputnik Аҧсны
Украина Керчтәи аӡыбжьахала ахы ианархәалоит ҳәа Киев аҳәамҭа ҟанаҵеит

Лавров  иажәақәа рыла Украина иагәҭакуп зыҳәак ҟамҵакәа, аԥҟаррақәа зегь еилаганы, ашәарҭадара иазхьамԥшыкәа аӡыбжьахала аҭысра. Иара имоу аинформациала Киев НАТО атәылақәа рхаҭарнакцәа рыӷбақәа рахь иаарыԥхьоит, урҭ ирыцны аӡыбжьахала ала имҩасырц.

2018 шықәса абҵара 25 рзы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, Аӷбақәа Амшынеиқәаҟынтәи Керчтәи аӡыбжьахалахь рхы рханы инеиуан. Убри аан дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иазхәыцуамызт.

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит абџьар ахархәарала. Аӷбақәа рҿы 24-ҩык амшынуаа ыҟан, урҭ рҟынтәи ҩыџьа ашәарҭадаратә маҵзура иаусзуҩцәан.

Пиотр Порошенко иҟалаз азы Киев ООН жәларбжьаратәи Аӡбарҭахь ҳашшуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0