Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥиԥиа: Очамчыра иргылахо азауад ажәлар зыргәырӷьараны иҟоу проектуп

© Sputnik Табылды КадырбековВахтанг Ԥиԥиа
Вахтанг Ԥиԥиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аилак ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит афымцалашаратә генераторқәа рҭыжьразы азауад аартра иаҳнаҭо алшарақәа ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥиԥиа афымцатә маҭәахәқәа рзы азауад аргылара иазкны

"Ари акомпаниа дууп, Урыстәыла идыргылахьеит амра, аӡтәы генераторқәа ҭзыжьуа азауад. Ари акомпаниеи ҳареи аамз инарзынаԥшуа аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит. Очамчыра ақалақь аҿы азауад аргылара ргәы иҭоуп, аҳәынҭқарра иазалнахит иахьдыргылаша аҭыԥ. Асовет мчра аамҭазы уаҟа иҟан аефиртә-хәшатә зауад. Иаатуеит аусурҭатә ҭыԥ ҿыцқәа, ари араион азы цхыраагӡа духоит ҳәа сгәыӷуеит. Ас еиԥш раԥхьаӡакәноуп азауад аусура ианалаго. Аалыҵ еиҳарак ҳтәыла анҭыҵ ицалоит, ҳәарада, ҳтәылаҿы изҭаххогьы иоуеит алшара уи аахәара. Аалыҵ 25 шықәса аусура ҿҳәарас иамоуп. Иара ианылоит аҩыра "иҟаҵоуп Аԥсны" ҳәа англыз бызшәалеи, урысшәалеи, ари раԥхьаӡа ҳаӡбахә зҳәо аекспорт ахь ицо аалыҵуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥиԥиа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0