Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа "Аԥхьарца" иазкны: ныҳәак аҳасабала имҩаԥаагоит

© Sputnik / Илона ХварцкияНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамза аказы, Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит IX-тәи жәлар ринструментқәа рфестиваль "Аԥхьарца". Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури  Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи афестиваль аҷыдарақәа ртәы.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәарҷиа афестиваль "Аԥхьарца" иазкны

"Сынтәа аицлабра мап ацәаҳкит, афестиваль ныҳәак аҳасабала имҩаԥаагоит, избанзар даара ицәгьахеит алахәылацәа рыхә ашьара, агәыԥқәа ҩаӡарала зегь еиԥшуп. Иреиӷьӡаз алыԥшаахқәа рыла еиҿкаахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Жәлар рмузикатә арҳәагақәа роркестр. Уаанӡа зҽалазырхәуаз агәыԥқәа еиԥхьбеит, изызҳаз рҭыԥан иаҵагылоз аҿар рыҩаӡара маҷуп. Ари афестиваль есышықәса имҩаԥаагоит хәажәкырамзазы, иара зыхьӡ аху Иван Кортуа игәалашәара иазкуп. Иара жәлар рарҳәагақәа реиқәырхара, рӡыргара, иахьанӡа раагараҿы даара иџьабаа дууп. Иван Кортуа афольклор ашәа, аԥсуа ҟазара аиқәырхара аџьабаа азызбахьаз дреиуоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.     

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0