Аҟәатәи аџьармыкьа ашьышьмаҭраҿы асаби дказыршәыз лус Апрокуратура иҭнаҵаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақ. Апрокуратура
Аҟәа ақ. Апрокуратура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса жәабран 1 азы ашьышьмаҭраҿы аԥҳәыс ахшара длоун, иара уа дынлыжьит.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. 2019 шықәса жәабран 1 азы ашьышьмаҭраҿы ахшара дзауз аԥҳәыс икалыжьыз ахәыҷы иԥсы ҭаны дынхар алшон ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭоз Аҟәа ақалақь апрокурор Руслан Ҭырқьба.

"Аӡбарҭа-медицинатә експертиза иҟанаҵаз алкаақәа рыла, асаби иира аамҭа мааицызт, аха иԥсы ҭаны дынхар алшон. Абри ахҭыс аганахьала Аҟәа ақалақь апрокуратура ахәыҷ иан лзы ашьаусҭҵаара хацнаркит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭырқьба.

2019 шықәса жәабран 1 азы аҟәатәи аџьармыкьаҿы аԥҳәыс ахшара длоуны ашьышьмаҭраҿы дынлыжьит. Аџьармыкьа аусзуҩцәа ишырҳәаз ала, дара цәалашәара бааԥсык роуит, зцәа зтәымыз аԥҳәыс акраамҭа уа данынха.

Аԥҳәыс данҭыҵ, лҭагылазаашьа цәгьа збаз ацхыраара ласы иаԥхьеит. Лара данырга ашьҭахь иааз азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ашьышьмаҭраҿы ирбаз аилаҳәара асаби иԥсыбаҩ ҭан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0