Емель Хагәышьԥҳа: Аԥснытәи Калдахәара сатәуп сара

© Foto / Саида ЖибаЕмель Хагәышь
Емель Хагәышь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Емель Фаҳреҭҭин-иԥҳа Хагәышьԥҳа даныхәыҷыз аахижьҭеи Аԥсны аӡбахә лаҳауан, аха макьана лџьынџьдгьыл ахь дзымаацт. Сынтәатәи аԥхынра Емель ҿҳәарас иазԥылҵәеит Аԥсны аҭаара, лдацқәа ахьынтәаауа Калдахәара ақыҭа абара.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Емель Хагәышьԥҳа лҭаацәеи лареи 25 шықәса Германиа ишынхозгьы, аԥсуара дмырӡӡеит, уимоу ҳџьынџьуаа ахьеизоз лассы-лассы ицалон, абызшәа рҵон, аҵасқәеи ақьабзқәеи шьҭыркаауан.

Альбина Караловеи лхәыҷқәеи - Sputnik Аҧсны
Альбина Каралова: аҳәаа сахысны Аԥсны сшьапы шаақәсыргылаз исгәыҵасыҳәҳәар сҭахуп

Емель Хагәышьԥҳа лаб ишьҭраҟнытә аӡәгьы илымшеит Аԥсныҟа ацара, иаԥшьызгозгьы ираамҭанымкәа рыԥсҭазаара иалҵит.

"Аԥсныҟа инеихьеит саншьцәа Ҷыҷылаа, аха рыжәлантәқәа рымбеит. Уеизгьы ргәы кармыжьит, рыуаажәлар ирабадырит, зехьынџьара еимдеит", - лҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

Емель Хагәышьԥҳа лабду иаб иоуп амҳаџьырра иахнагаз, лара илаҳахьеит лабшьҭра Аԥсны, Калдахәара ақыҭа ишатәыз. Лара агәаҳәара дуӡӡа лымоуп лыԥсадгьыл даҭаарц, лыблала илбарц лқыҭа гәакьа, аҭоурых дагәылаларц.

Емель Хагәышьԥҳа ус илразҟхеит, Ҭырқәтәылатәи Калдахәараа дырҭацахарц.

Иахьа лафны лыԥшәма Оқан Сергьегьиа иалҳәоит: "Аԥсныҟа ҳцар, уаҟа уара Калдахәараа урымаҳәхоит", ҳәа.

Ҳанде Тәанԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ҳанде Тәанԥҳа: Аԥсны-сара сҭаацәара ду ауп, аԥсуаа-сыуаажәлар роуп

Емель Хагәышьԥҳа аԥсуаразы даара лгәы былуеит. Атәым дгьыл аҟны дышиизгьы, дшааӡазгьы, лыбзазара аԥсуа ишиаҭәоу еиԥш ишьақәгылоуп.

"Ҳара аамҭала Германиа ҳанхон, анаҩс Ҭырқәтәылаҟа ҳгьежьит. Ҳани ҳаби есқьынгьы ирҳәон егьырҭ амилаҭқәа ҳрыламҩашьароуп ҳәа. Убри аҟнытә, ҳлеишәеи ҳхымҩаԥгашьеи ҽакын. Аиҳабы ҳаҭыр иқәаҳҵон, аиҵбы аиацәажәашьа ҳдыруан", - ҳәа азгәалҭоит лара.

Емель Хагәышьԥҳа хәышықәса раахыс лнапы алакуп адизаин. Ачарақәеи еиуеиԥшым аныҳәатә хәылԥазқәеи раан еиҿылкаауеит азалқәа, илырԥшӡоит аишәақәа.

Иазгәаҭатәуп, Калдахәараа рҭаца изныкымкәа лыуаажәлар имҩаԥыргоз аизарақәеи аныҳәақәеи хәыда-ԥсада ишеиҿылкаахьоу. Ԥсыуак лмаҵура дахылымбаацт.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0