Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цыгәба Сергеи Багаԥшь изкны: ажәлар дырзааигәан, уи ауп ргәаҿы дзаанхазгьы

© Sputnik / Томас ТхайцукВячеслав Цугба.
Вячеслав Цугба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 4 рзы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь  иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы ихыҵуазаарын 70 шықәса. Иара иуаҩреи иусушьеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауааажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩы Виачеслав Цыгәба. 
Цәыгәба Сергеи Багаԥшь изкны: ажәлар дырзааигәан, уи ауп ргәаҿы дзаанхазгьы

"Аԥсны иуадаҩыз аамҭа ианҭагылаз даҭахын аԥыза, зажәа ԥхьаҟа ҳазгаша, ус еиԥш дҟалеит Владислав Арӡынба. Ашьҭахь, Сергеи Багаԥшь Владислав Арӡынба иуасиаҭқәа нагӡо, Аԥсны аҳәынҭкарра дахагылеит. Уигьы баша иҟамлеит. Даныҷкәыназ нахыс аԥызаратә ҟазшьа бзиақәа ааирԥшит. Очамчыра иҟаиҵеит раԥхьатәи иусуратә шьаҿақәа, усҟан усҟак аҿар рыгәра ганы амаҵуратә ҭыԥкәа  рырҭомызт. Имаҷуп аԥсуаа ҳҭоурых аҿы акомҿар еидгыла иахагылаз, араион аҿы напхгаҩыс инаргоз. Усҟантәи аамҭаз аибарххарақәагьы ыҟан, Қырҭтәыла Гамсахурдиа даннеиз ауп. Усҟан Сергеи Багаԥшь Очамыра араион мацара акәым, ажәлар зегьы дырԥызан дҟалеит. Иара дпатриот дуун, дкомпромисс-уаҩын. Уи иҟазшьа акырџьара аԥсуа жәлар иҳахәеит. Сергеи Багаԥшь ажәлар дырзааигәан, уи ауп ргәаҿы дзаанхазгьы", - ҳәа азгәеиҭеит Цыгәба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0