"Аԥсны иахьа астатистика ыҟам аусурҭа змам рзы. Иҟоуп аҳәынҭқарратә статистикатә усбараҭа адыррақәа, шаҟаҩы ауаа официалла аус руа аганахьала. Уи ала иаҳҳәар ҳалшоит, 2017 шықәсазы усурҭа ҭыԥла еиқәыршәан 42 нызқьҩык инареиҳаны ҳәа. Убри аан Аԥсны иахьаҵанакуа 244 ныӡқьҩык рҟынӡа ауаа ықәынхоит. Аха убри аан иаҳҳәар ҟалом абарҭ 42 нызқьҩык рыда егьырҭ зегьы усурада иҟоуп ҳәа, избанзар иҟоуп официалла иҭагаламкәа аус зуа. Ус еиԥш аҿырԥштәқәа маҷым. Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аџьеи аусуреи рыҟәша аиҳабы Кама Аӡынԥҳа ҳаицәажәараан иазгәалҭеит Аԥсны иазымхо аспециалистцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп ҳәа, аха урҭ шаҟаҩ агу ашьақәыргылара ауам иахьатәиала, избанзар ашәҟәы иҭагаламкәа аус зуа маҷым. Аха зегь акоуп Аԥсны аус зымуа, усурҭала еиқәыршәамгьы рхыԥхьаӡара ӷәӷәоуп, ус иԥхьаӡаны иҟамзаргьы. Аӡынԥҳа ишаҳзеиҭалҳәаз ала, Аԥсны рхыԥхьаӡара маҷуп атехника аганахьала аусзуҩцәа, IT- атехнологиақәа ирызҟазоу", - иҳәеит Аҩӡба.
Усурҭа ҭыԥла ауаа реиқәыршәара азҵаараҟны убасгьы уадаҩраны иҟоуп еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟны ауаа русура анаанрыжьлак, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аџьеи аусуреи рыҟәшахьы адырра ахьыҟарымҵо. Убасгьы иахьазы аџьатә закәанеидкыла инақәыршәаны иҟаӡам аилкаара "усурҭада иҟоу ауаа" ҳәа, иҟоуп "ирышьашәалоу аусура иашьҭоу" ҳәа аилкаара, азгәеиҭеит Аҩӡба.
"Аусура иашьҭоу ауааԥсыра адҵаалар рылшоит Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра. Уаҟа ишьҭарҵо арзаҳалқәа ирыхәаԥшны ирышьашәалоу аусурҭа ҟалозар, адырра рырҭоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.