Агәыԥ Queen абас-гитарарҳәаҩы иԥсҭазаара далҵит

CC0 / / Гитара
Гитара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амузыкатә журналқәа рҿы џьаргьы иарбам Гроуз имшира, аха Queen аҟазара аҭҵааҩцәа иазырыԥхьаӡоит, иара 1970 шықәса рзы агәыԥ ахь даннеиз 22 шықәсаҟа ихыҵуан ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Британиатәи арок-гәыԥ Queen актәи абас-гитарарҳәаҩы Маик Гроуз иԥсҭазаара далҵит ҳәа адырра ҟаиҵеит агәыԥ Queen алахәыла Роџьер Теилор. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Даара игәыхьуп сҩыза бзиа Маик Гроуз дыҟам ҳәа аҳәара. Иара иашәаәқа раԥхьаӡа акәны исаҳаит агәыԥ The Individuals аҿы, усҟан иареи сареи ашкол ҳаицҭан. Уԥсы ҭынчыз", - ҳәа иҩуеит Теилор Instagram аҿы.

Гроуз агәыԥ Queen далахәылахеит 1970 шықәса рзы. Агәыԥ нижьит Фредди Меркиурии Теилори рыбжьара аҭыԥ змаз аилибамкаарақәа ирхырҟьаны.

Амузыкант иԥсра мзызс иамоу макьаназ еилкаам.

Ажәабжьқәа зегьы
0