Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чагәаа: ақыҭанхамҩатә аалыҵ есымша анҭыҵынтә иааганы афара иашам

© Foto / из личного архива Нгзара ЧагаваНугзар Чагәаа
Нугзар Чагәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу агрофирма "Кәыдры" анапхгаҩы Ныгәзар Чагәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәеиҭеит анхацәа иаадрыхуа аҭиразы аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵазар, аҽаҩра акырынтә еизҳауан ҳәа.
Чагәаа: ақыҭанхамҩатә аалыҵ есымша анҭыҵынтә иааганы афара иашам

"Аҵәа акәзар ҳара жәа-гектарк рҟынӡа ҳамоуп. Уи акомплекстә план инақәыршәаны еиҭаҳаз ауп. Хымԥада, аџьабаа ацуп, ашәыр ааӡара ахәыҷы ԥшқа еиԥш ахылаԥшра аҭахуп. Аха иагьа ус иҟазаргьы ишахәҭоу аус адуулар, уџьабааԥса абжа узыннажьыртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Аџьармыкьахь анагара азҵаара шьҭышәхит, уи, хымԥада, ихадароу зҵаароуп. Иахьа даара иԥхашьараны избоит ҳажәлар амҩаду иантәаланы адәахьы иахьхәаахәҭуа. Уи акырынтә ишьҭырххьоу зҵаароуп, аха ҳасаб амаиуит. Анхаҩы иааирыхыз ақалақь аџьармыкьаҟны иманы даннеи, иара иахьиҭыԥу дыргыланы, игәы ишаҭаху иҭииртә еиԥш аҭагылазаашьа иоур, ҳаԥхьаҟа  ҩынтә-хынтә еиҳаны аҽаҩра ааирыхыр ауеит. Раԥхьа иргыланы, Аԥсны акы аазрыхуа анхацәа аԥыжәара рымазароуп. Есымша адәныҟа ҳаԥшны, уаантә иааганы абра ианбаҳфои ҳәа азҵаара иашамзар ҟалап", - ҳәа азгәеиҭеит Чагәаа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0