Амци аиашеи ҿаԥшыларыла еилзырго

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаМери Мықәԥҳа
Мери Мықәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
37 шықәса аӡбаҩ имаҵура ныҟәызго, ацәгьоуцәа рлахьынҵа знапы иану, 19 шықәса раахыс Гагра араион аӡбарҭа ахантәаҩыс иҟоу Мери Мықәԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ари азанааҭ аиуреи, анаҩстәи лусура ашьақәгылашьеи ирыдҳәалоу лҭоурых.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мери Роман-иԥҳа Мықәԥҳа дшыхәыҷыз аиурист изанааҭ ахь аинтерес лызцәырҵхьан. Ашкол даналга Горьки ақалақь аинститут ахь ашәҟәы лҩит, аиуристтә факультет аҭаларазы алшара лырҭарц, аха мап лцәыркит. Аԥҳәызба лгәы калмыжьит, уимоу илыӡбеит лгәахәтәы анагӡара.

Мери лан Ольга Ахьиԥҳа 33 шықәса анылхыҵуаз лыԥшәма, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Роман Дамеи-иԥа длыԥхоит. Лара лнапаҟны иаанхоит хҩык аԥҳацәа, хәышықәса зхыҵуаз Маргаритеи, ҩышықәсеи бжаки зхыҵуаз Мери, хымз зхыҵуаз Ларисеи. Аԥсҭазаара ауадаҩрақәа лыхганы, Ольга ауа-аҭынха рыцхыраарала лыԥҳацәа ршьапы иқәлыргылеит, ргәы иаҭахыз аҵарақәа длырҵоит.

Инна Ҳашыгԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аҳәса рҳақьым Инна Ҳашыгԥҳа: ауаҩы иира анашана иаҩызоуп

Маргарита атауареилыргаҩ изанааҭ алылхуеит, аиҵбаӡа Лариса – Аҟәатәи арҵаҩратә институт дҭалоит.

Мери лакәзар, дцоит Харьковҟа, илзааигәаз џьоукы рыла диабадыруеит Харьковтәи аобласттә ӡбарҭа ахантәаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Фиодр Денисенко. Аԥҳәызба қәыԥш лабгьы аибашьра дшалахәыз, ахәрақәа шимаз, насгьы урҭ ирхырҟьаны иԥҳацәа шысабиаз иара иԥсҭазаара дшалҵыз анеиликаалак иҽазишәоит аб ироль анагӡара, аԥҳәызба ацхыраара лзаарԥшра.

"Фиодр Денисенко аусура салаиргоит иара иҟны, аӡбарҭатә еилатәара амаӡаныҟәгаҩс. Анаҩс сҭалоит ауниверситет, сгәы ззыҳәоз аиуристтә факультет. Хәышықәса рыла азанааҭгьы соуит, аԥышәагьы сырҳаит", – лҳәоит аӡбаҩ.

Мери Роман-иԥҳа адиплом лнапаҟны ианлоу аҽны, лан Харьковҟа длышьҭаланы днеиуеит аҩныҟа даалгарц. Аԥҳәызба аусура дахьашьцылахьаз, насгьы ԥхьаҟа лзанааҭ аҿы аизҳара ахьылзыԥшыз аҭыԥ ныжьны Гаграҟа дхынҳәуеит. Араҟа ақырҭқәа аиҳабыратә маҵурақәа рымҽхакын аҟнытә, аԥсуа ԥҳәызба амилициаҿы аусурҭа ҭыԥ лырымҭаӡеит.

"Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминисттра, Гагра араионтә ҟәша Чхьеиӡе ҳәа аиҳабыс иҟаз, аусурҭа азы санидҵаала, сацәажәарагьы иҭахымхеит. Анаҩс, Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь сцеит. Уаҟа машәыршақә ҳаибадырит Ражьден Чкәотуеи сареи. Иара уи аҽны Гәдоуҭатәи амилициа аиҳабыс дрышьҭуазаарын. Ауниверситет салганы сшааз аниаҳа, ааԥхьара сиҭеит иара иахь аусура снеирц. Азныказы мап скит, избанзар сықалақь аҟны акәын иахьысзыманшәалаз", - еиҭалҳәоит лара.

Мери Мықәԥҳа илоуз ааԥхьара лыдылкылан Гәдоуҭаҟа дцеит. Шықәсыбжак аҭҵааҩыс аус анылулак, диаргоит аусеилыргаҩыс.

"Аусеилыргаратә ҟәша аиҳабыс даман Владимир Начач-оглы. Иара ибзоурала аус аҟны сшьақәгылеит, исҵазгьы даараӡа ирацәоуп", - ҳәа азгәалҭоит Мери Роман-иԥҳа.

Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
"Кавказ ахьчаразы" амедал зауз Аҷандаратәи аԥҳәыс лҭоурых

Пшьышықәса Аҩнуҵҟатәи аусқәа, Гәдоуҭа араионтә ҟәшаҿы аус уны, Мери Роман-иԥҳа даауеит Гаграҟа, араҟа амилициа аиҳабы иҽиԥсаххьан азы, ԥынгылада, аԥышәа змаз аԥҳәызба аусеилыргаҩ еиҳабы имаҵура лырҭоит.

Ԥсыцқьарыла зуалԥшьақәа назыгӡоз Мери Роман-иԥҳа Аҟәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны иреиӷьу аусеилыргаҩ ҳәа лфото аҳаҭыртә ӷәы икыдҵаны ирыман.

1982 шықәсазы Константин Озган иааԥхьарала, Мери Мықәԥҳа ҩаԥхьа Гәдоуҭаҟа дцоит, араионтә ӡбарҭаҟны аӡбаҩс аусура далагоит.

Мери Роман-иԥҳа иахьагьы илгәалашәоит раԥхьатәи лыӡбаратә еилатәара. Лара ацәгьоура ҟазҵаз лгәы дрыцҳанашьазаап, аха закәанла иус лыӡбеит.

"Зықәра наӡамыз аҷқәын адәқьан аҟнытә аспорттә еимаақәа иӡеит. Иара ианду лакәын дзааӡоз, амамзаара рыман. "Сҩызцәа еснагь ибзианы еилаҳәоуп, саргьы исҭаххеит иҿыцу акы" аниҳәа убас сгәы сыхьит, иахьагьы ианысгәалашәо дрыцҳасшьоит", - раԥхьатәи аус далацәажәоит аӡбаҩ.

Мери Роман-иԥҳа ацәгьоура ҟазҵаз қыҭаҷкәынак иан лҿахәы анылҿылхоз, аԥҳәыс бырг иҟалҵаз аҭак уажәыгьы лгәы иҵхозаап.

"Бԥа иаха аҩны дшаҵамиаз бдыруаны, бышԥацәоз?" - ҳәа данлазҵаа, "Еҳ, бан рыцҳа, аҩны, адәны, ауҭра, арахә-ашәахә рҭыԥ иқәҵаны санықәиа, самхацәеит, сыҷкәын дшымаазгьы сымбеит", - анылҳәа, аӡбаҩ еилылкааит ан лыбӷа иқәыз аџьабаа шаҟа ихьанҭаз. Ауси ааӡареи реилагӡара шылцәыуадаҩыз.

"Абас аџьабаа збо анацәеи, абацәеи рыхшара ианырзеилымкаауа, даара саргәамҵуеит", - лҳәоит Мери Мықәԥҳа.

Беременная женщина - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпату

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еиабшьра анеилга, 1993 шықәсазы, Владислав Арӡынба иахь илҩыз ашәҟәы инақәыршәаны, Мери Роман-иԥҳа дгьежьуеит Гаграҟа. 2000 шықәсанӡа аус луоит араион аӡбарҭаҟны аӡбаҩс, аҵыхәтәантәи 19 шықәса аӡбарҭа ахантәаҩы имаҵура ныҟәылгоит.

Мери Мықәԥҳа иазгәалҭоит аибашьра ҟалаанӡа, Асовет аамҭақәа рзы еиҳа ишырацәаз аҳәынҭқарратә мазара аӡара иадҳәалаз ацәгьоурақәа. Аҭицәа 20 капеи рзы рус рыӡбон. Насгьы иарбанзаалак аус аҭҵааразы ҩымз ракәын ирырҭоз, аамҭа иахыԥар Қарҭ ицаны аилыркаагатә шәҟәы рҩыр акәын, мамзар гәыбӷан рырҭон. Иахьа даараӡа ирацәоуп амҩатә машәырқәеи, анаркотикатә маҭәашьарқәеи ирыдҳәалоу ацәгьоурақәа.

"Ацәгьоура акатегориақәа зегьы ҳрыхәаԥшуеит. Смаҵура иснарҵеит ауаҩы иҿаԥшыларала мацара иаразнак амци аиашеи реилыргара. Иџьашәшьаргьы, ауаҩшьра еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа амоуп аҟнытә еиҳа ҭынчрала сазнеиуеит, аха ауаҩы ианасмыжьуа акәны иҟоуп ахықәкы змоу ақәылара", - ҳәа ҳаиллыркааит аӡбаҩ.

Мери Роман-иԥҳа иазгәалҭоит аилатәарақәа анымҩаԥырго ршәарҭадара азҵаара қәнагала ишазгәаҭам. Зус рӡбо аҩ-ганк аисра анаԥшьырго ыҟоуп. Мамзаргьы аӡбарҭа ахаҭарнакцәа ианрықәымчуа.

Иахьа Гагра араион аӡбарҭаҟны аус руеит хәҩык аӡбаҩцәа. Аколлектив зегьы рҳәоу еиқәшәоуп.

Иҟалааит аԥҳәыс анасыԥ лызҭо ахацәа>>

Мери Роман-иԥҳа Мықәԥҳа 2004 шықәсазы аӡбаҩ актәи икласс лоуит.

2011 шықәсазы атәыла Ахада иусԥҟала "Ахьз-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара ланаршьеит.

2012 шықәсазы далхын Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рхеилак ахантәаҩыс.

Иланашьоуп "Аԥсны аӡбарҭатә системаҿы лааԥсаразы" амедал.

2018 шықәсазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз аиурист ҳәа ахьӡ даԥсахеит

Дҭаацәароуп. Лыԥҳа Диана Ҭориаԥҳа Ростов аиурист изанааҭа ала аҵара лҵоит.

Иахьа, жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа аҽны, зыӡбахә шәаҳҳәаз аԥсуа ԥҳәыс хазына илзеиӷьаҳшьоит ақәранҵыра ду, агәабзиара цқьа, лнапы злаку аус аҿы аманшәалара.

Мери Роман-иԥҳа лыхәҭакахьалагьы Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы дрыдныҳәало, ашәҭыкакаҷреи, аилибакаареи, анасыԥ лашеи раҭәалшьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0