Аҳәса рҳақьым Инна Ҳашыгԥҳа: ауаҩы иира анашана иаҩызоуп

© Фото : предоставлено Саидой ЖибаИнна Ҳашыгԥҳа
Инна Ҳашыгԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
22 шықәса раахыс аҳәса рҳақьымс иҟоу, ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа шьҭызххьоу, шәҩыла аҳәса рчымазарақәа зхәышәтәхьоу Инна Сергеи-иԥҳа Ҳашыг иаҳзеиҭалҳәеит ари аус иацу аҭакԥхықәра атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Инна Ҳашыгԥҳа Ҟабарда-Балкариатәи Аҳәынҭқарратә Университет амедицинатә факультет далгеит, аҳәса рҳақьыми, ахәыҷышьҭыхреи рзанааҭ ала. Москвеи, Краснодари, Красноиарски, Воронежи лазҟазара шьҭыхны аусура далагоит Гәдоуҭатәи араионтә центртә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәшаҟны, анаҩс диасуеит Гаграҟа.

Араҟа 18 шықәса аус уны, Гагратәи акурорттә поликлиникаҿы агинекологиатә кабинет аалыртуеит, Гәдоуҭатәи ахшараиурҭаҿгьы ахәыҷышьҭыхыҩс дыҟоуп. Иара убас Адлер, амедицинатә центр "Даниель" аҟны аҳәса рҳақьымс, аультрабжьытә ҳақьым-ачымазарашьақәыргылаҩс аус луеит.

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Инна Сергеи-иԥҳа лнапы злаку аусқәа зегьы аҳәса ргәабзиареи, рыԥшӡареи ирзынархоуп. Уажәааигәа Москва агәырлаҵаратә ҿырхиара (врач инъекционной косметологии) аҳақьым изанааҭгьы лоуит.

Аҳәса рҳақьым цхыраарада, раԥхьаӡа ахәыҷы данышьҭылх 23 шықәса лхыҵуан. Усҟан лара илнырыз ацәаныррақәа ҽакы илзаларҩашьомызт.

"Гәдоуҭатәи ахшараиурҭаҟноуп раԥхьаӡакәны схала аԥҳәыс данеилсырга. Усҟан снапы иакыз асаби иԥхарра, раԥхьатәи иҵәыуабжь исызцәырнагаз ацәаныррақәа иахьагьы исыцуп. Ауаҩы иира еиҳау насыԥ ыҟам, уи анашана иаҩызоуп. Ани ахәыҷи рыԥсҭазаареи, ргәабзиареи снапы иануп аҟнытә, ҭакԥхықәрала сус сазнеиуеит, араҟа зынӡагьы агха ухьыр ҟалом", — лҳәоит Инна Ҳашыгԥҳа.

Лара 20 шықәса раахыс еиллыргахьоу аҳәса ҩ-нызқьҩык иреиҳауп. Иҟалахьеит еицииз ахәыҷқәа анышьҭылхуазгьы. Уи ҩынтә лҭакԥхықәра еиҳанатәуан.

Инна Сергеи-иԥҳа есыҽны илыдҵаалоит еиуеиԥшым аҳәса чымазарақәа зызҵәырҵуагьы.

"Ааԥыни ҭагалани ауаҩы ииммунитет кәадахоит аҟнытә, илаҽу ачымазарақәа рхы цәырыргоит. Усҟан исҭаауа аҳәса рхыԥхьаӡара еиҳахоит", — ҳәа наҵылшьит лара.

Инна Ҳашыгԥҳа иҳаиллыркааит, акурорттә сезон аамышьҭахь аҽгәаҭаразы илзааиуа аҳәса хәыҷқәа рҿы, аҿкы чымазара шаарԥшхо. Уи зыхҟьогьы, рыԥшәмацәа атәым ҳәсацәеи дареи ихьчам аизааигәахара ахьрыбжьоу ауп. Аҿкы злаҽуа ахацәа, хымԥада рыҳәсацәа иддырхьоит. Убри аҟнытә, агинеколог абжьгара ҟалҵоит ахацәа ргәабзиара иацклаԥшларц.

Рита Трапш - Sputnik Аҧсны
Ҭраԥшь: аҵыхәтәантәи аамҭазы ахәыҷқәа рира маҷхеит

"Изныкымкәа иҟалахьеит, зцәа зтәыму аԥҳәыс лхаҵа иҟнытә аҿкы чымазара анлыхьхьоу. Усҟан ҷыдала иазнеитәуп ахәыҷы ԥырхага имҭакәа, иан лыхәышәтәра. Згәы бзиоу асаби диирц азы, аԥҳәыс леиԥш ахаҵагьы ароль ду наигӡоит", — ҳәа азгәалҭоит Инна Сергеи-иԥҳа.

Аҳәсацәа зегьы шықәсык знык иадымхаргьы агинеколог лахь иааироуп. Заанаҵы иаарԥшхо ачымазарақәа рыхәышәтәра мариоуп, иахыԥаны ианыҟоу акырӡа иуадаҩуп ралыргара.

"Аԥсны имаҷӡам "ВИЧ" аҿкы зшьа иалоу ауаа. Иҟоуп уи злаҽу ззымдыруа, нас машәыршақә ианаарԥшхо. Иаразнак аҳасаб зкуа, ахәышәтәра иахысуа, иԥсҭазаара уадаҩрада имҩасуеит, аҭаацәара далалоит, ихылҵыр ҟалоит згәы бзиоу ахшара. "СПИД" ахь ианиасуа, уи аҵыхәтәантәи стадиоуп, макьаназы аӡәгьы далымгацт", — ҳәа ҳаиллыркааит аҳәса рҳақьым.

"ВИЧ" злаҽу рдиагноз Аԥсны ианышьақәдыргыло, аиҳараҩык Урыстәылаҟа ицоит ҩаԥхьа рыҽгәарҭарц. Инна Сергеи-иԥҳа лажәақәа рыла, уаҟагьы "ВИЧ" ршьа ишалоу шьақәдыргыларгьы, арахь ианааилак, иҳашәҳәаз мцуп ҳәа аҭыԥантәи аҳақьымцәа ирҿагылоит, уи ала "рыхьымӡ" рхырхуеит ҳәа ирԥхьаӡоит.

Хаҵеи ԥҳәыси аҭаацәара аԥҵара анаԥшьырго, раԥхьа иргыланы ргәабзиара иазхәыцроуп.

Агинеколог иҳаиллыркааит, акы змыхьуа ауаа шыҟам. Ирылаҽу ачымазареи, агормонтә ҭышәынтәалареи ирыцклаԥшуазар, ианаамҭоу аҳақьым иҭаауазар, усҟан ргәабзиара ашәарҭара иҭагылом ҳәа. Аха ҳара ҳауаажәлар реиҳараҩык ҟазшьас ирымоуп, рчымазара иаргәаҟуа иалагаанӡа аҳақьым иахь амнеира.

Аҳәса қәра-қәрала ачымазарақәа ирымҽханакуеит.

Благотворительный забег Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны
Ҩыџьа ахәыҷқәа ргәазыҳәара анагӡара алшоит

Инна Ҳашыгԥҳа лажәақәа рыла, 30 шықәсанӡа зхыҵуа еиҳараӡак аҿкы чымазарақәа рызцәырҵуеит, 30 инаркны 45 шықәсанӡа ачырақәа, 45 шықәса инареиҳаны аклимактериатә ҟазшьа змоу ахьаақәа.

Онкологиа атәы уҳәозар, еиҳараӡак аҳәса рҟны иуԥылоит аԥаҭра ибаргәым ачыра "фибромиома", (доброкачественная опухоль матки) зхаҭашьа бааԥсу ачыра аԥаҭра аҭшәарсҭаҿы ицәырҵуеит (рак шейки матки). Егьырҭ аонкочымазарақәа зегь реиԥш, актәи, аҩбатәи астадиақәа рҟынӡа қәҿиарала ахәышәтәра алшоит, ахԥатәи, аԥшьбатәи раан аԥсҭазааразы ишәарҭа духоит.

Иахьатәи ҳаамҭазы ҿыц аҭаацәара иалало гәыԥҩык ахшарамоура апроблема рымоуп. Инна Сергеи-иԥҳа иазгәалҭоит уи зыхҟьо амзызқәа шырацәоу.

"Имӡакәа иаҳҳәозар, аԥсуаа рҿы ианакәзаалак, ахшарамоураҿы аԥҳәыс лоуп ахара здырҵо. Уи ииашам гәаанагароуп, аҩганк ргәабзиара аҭҵаара аҭахуп. Имаҷӡам аҿырԥштәқәа, ахаҵа ианихароу. Ахшарамоура зыхҟьо амзызқәа аамҭа хара имгакәа еилкааны, иақәнагоу ахәышәтәра амҩаԥгара уалагар, апроблема аԥыххоит", — ҳәа инаҵылшьит аҳәса рҳақьым.

Еиуеиԥшым ачымазарақәа заатәи ралкааразы, агинеколог Инна Ҳашыгԥҳа илԥхьаӡоит асовет аамҭақәа раан еиԥш, азеиԥш диспансеризациа аиҿкаара ахәҭаны. Мышкызны ари аԥшьгара адгылара аиур, хаҭала лара аус ахьылуо аполиклиникаҿы дазыхиоуп хәыда-ԥсада агәаҭарақәа рымҩаԥгара.

Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, "згәы бзиоу ажәлар ҳамамзар, ҳҳәынҭқарра ӷархоит" лҳәеит аҳақьым.

Ажәабжьқәа зегьы
0