MITT Аԥснытәи алахәылацәа аихшьалақәа ҟарҵеит

© Sputnik / Алексей СтефановMITT аҟны Аԥсны астенд
MITT аҟны Аԥсны астенд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
26-тәи Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT амҩаԥысшьеи, иара хра аманы ишыҟази, атуризм аусхкаҟны проблемақәас раԥхьа иргыланы иӡбатәуи ирылацәажәеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы афорум алахәылацәа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

26 Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 11-14 рзы. Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкьиа иазгәеиҭеит афорум аҿы ишӡыргаз ҩ-нызқь рҟынӡа стенд, адунеи зегь аҟны атуриндустриа ахаҭарнакцәа 20 000-ҩык инареиҳаны ишалахәыз.

Автондил Гарцкия. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гарцкьиа: сынтәа ирацәаҩны аԥсшьаҩцәа раара ҳазыԥшуп, рыдкылара ҳҽазыҟаҳҵароуп

"Жәпаҩык ргәаанагарала сынтәа ацәыргақәҵа акыр ақәҿиара аманы имҩаԥысит. Ҳара ҳастенд х-бызшәак: аԥсуа, аурыс, англыз бызшәақәа рыла еиҿкаан. Москва ацәыргақәҵаҟны атуристтә агентцәа рацәаны иҳазнеит, Аԥсны рбар рҭахуп, анаҩс аԥсшьаҩцәа ҳара ҳахь рдәықәҵаразы", - еиҭеиҳәоит аминистр.

Ари ацәыргақәҵаҟны Аԥсны асасааирҭақәеи аԥсшьарҭаҩнқәеи ӡырыргеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистрреи, "Атуризм азы Аԥснытәи аидгылеи", Ахәаахәҭра–ааглыхратә палатеи ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

"Аусура ду мҩаԥган, алҵшәақәагьы аиуит", - ҳәа агәахәара иманы иҳәоит Гарцкьиа.

"Ацәыргақәҵа ахықәкы хада – ҳтуристтә аалыҵ ауаа дырдырроуп. Аихшьаалақәа нагӡаны рыҟаҵара макьаназы изаауп. Аха ҳхы бзиаӡаны иааҳарԥшит. Аха, зегь реиҳа ихадоу - уи ашьҭахь иҟало ауп", - иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла, MITT алахәылацәа Аԥсны аганахьала аинтерес ду аадырԥшит, аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы напы рыҵарҩит.

"Сынтәа ацәыргақәҵаҟны аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵеит, даара ирацәаҩны аԥсшьаҩцәа ҳзаауеит, избанзар аԥсшьаразы аршаҳаҭгақәа маҷымкәа иҭиуп, ҳҽазыҟаҳҵароуп. Уажәы ҩба-хԥа мчыбжьа рышьҭахь Аԥсныҟа атуристтә агентцәа ҳзаауеит. Ҳаԥсшьарҭақәа, апаркқәа, амҩақәа, аӡҭаларҭақәа уҳәа ицқьаны идҳарбароуп иаауа агентцәа. Сынтәа акурорттә аамҭа иаҳа еиӷьхап ҳәа агәыӷра ыҟоуп, избанзар Москва ацәыргақәҵаҟны атуристтә агентцәа рацәаны иҳазнеит, Аԥсны рбар рҭахуп, анаҩс аԥсшьаҩцәа рдәықәҵаразы. Уажәы иаҳзаауа иҿыцу атуроператорцәа роуп, дара арахь раара ахарџь ҳхахьы иаҳгоит. Иҳадаҳкылоит", - иазгәеиҭеит аминистр.

"Ара ихадароуп Аԥсны акурортқәа уаҩ дадрыԥхьалартә рцәыргара. Аҽазыҟаҵарақәа иахьанатә иалагатәуп. Зегьы ишахәҭоу еиԥш еиҿкаатәуп", - иҳәоит иара.

Авҭандил Гарцкьиа иҳәеит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рзы Аԥсны атурист маршрут ҿыцқәа шеиҿкаау.

Алхас Қаџьаиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қаџьаиа атуристтә цәыргақәҵа MITT азы: ҳара ҳзы алҵшәа змоу ауп

"Амаршрут ҿыцқәа маҷуп зҳәо иашам. Аха ауаа еицырдыруа бренд ҳасабла ишьақәгылахьоу амаршрутқәа роуп", - иҳәеит иара.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган афотоконкурс "Лучший семейный отдых в Пицунде" (анаплакы "Курорт Пицунда") .

Ареспублика атуристтә аалыҵқәеи амаршрутқәеи рыдагьы, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иӡырнагеит Аԥсны иҭрыжьуа еиуеиԥшым афатәи арыжәтәи раалыҵ.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Атуризм азы аусбарҭа аиҳабы Инара Даурова еиҭалҳәеит аԥсуа стенд аинтерес ду шамаз.

"Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аԥышәа ду амоуп жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵақәа рылахәраҿы. Ҳара арҭ ацәыргақәҵақәа рҿы ҳаалыҵ агьамарбара алҳаршоит. Атуристтә цәыргақәҵа MITT есышықәса ҳалахәуп ", - лҳәеит лара.

MITT аҟны ҳара хықәкы хадас иҳамаз аԥсуа исасдкылара аӡыргара акәын, лҳәеит Даурова.

"Сынтәа ацәыргақәҵа иалахәын 50 рҟынӡа аҳәаанырцәтәи атәылақәа. Исҳәароуп, ҳпавильон аҭааҩцәа шырацәаҩыз. Зегьы азҿлымҳара аадырԥшуан Аԥсны акультуреи аҭоурыхи рахь. Уи адагьы, Москватәи аԥсуа диаспора ахәыҷтәы ансамбль "Амцабз" ақәгылара еиҿыркааит. Ахәаԥшцәа идырбан ҳакәашаратә ҟазара", - лҳәоит Даурова.

Инал Абухба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Абыхәба MITT иазкны: аҩи ачыси рыбзоурала аԥсуа стенд иаднаԥхьалаз рацәаҩуп

Аԥсуа павильон адгылара арҭеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакра, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, Москватәи аԥсуа диаспора, аилахәыра "Мистраль алко".

"Атуризм азы Аԥснытәи аидгыла" ахада Анна Калиагина еиҭалҳәеит сынтәа ацәыргақәҵа иалахәыз Аԥснытәи аделегациа еилазаарала еиҳа ишырацәаз.

"Ҳара зегьы иҳалшоз ҟаҳҵеит ҳара ҳахь ауаа азҿлымҳара аадырԥшырц. Атурфирмақәеи асасааирҭақәеи азыҟаҵара бзиа рыман, аӡыргара бзиа зылшоз аполиграфиа азырхиан", - еиҭалҳәоит лара.

Иара убас еиҿкаан аиндаҭлара "Я в Абхазию".

"Астенд иадгылан афотоҭыхраан афото Инстаграм аҿы иқәыргылатәын. Аԥхьахә – хәыда-ԥсада Аԥсныҟа аара азнархиеит "Атуризм азы Аԥснытәи аидгыла". Аиндаҭлара хыркәшахеит, аха иара даҽа форматк ала иацаҳҵар ҳҭахуп", - лҳәоит Калиагина.

Ацәыргақәҵа ашьҭахьгьы аҽырҭынчра ҟалом, аиныррақәа ирыцҵалатәуп. Уажәы ихадароу имҩаԥаҳгаз аӡыргара иҟаҵәҟьоу ҳҭагылазаашьа аасҭа еиӷьымхартә аҟаҵароуп ҳәа лҳәоит лара.

Аотельиерцәа р-Гильдиа аиҳабы Анна Малкина MITT алахәхаразы ҭабуп ҳәа ралҳәеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи аминистрреи.

Азамаҭ Багаҭелиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Багаҭелиа: аицлабрақәа Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиздырҳауеит

"Ҳара ҳзы ари раԥхьатәи лахәылароуп. Еиуеиԥшым асасдкыларатә ҩнқәа, асасааирҭақәа уҳәа активла рхы аладырхәит. Даара акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩуп. Жәларбжьаратәи атуризм иазку Урыстәыла имҩаԥысуа иреиҳаӡоу ари ацәыргақәҵа алшара дуқәа ҳнаҭоит", - лҳәеит лара.

MITT - адунеи аҟны аԥыжәара змоу хә-цәыргақәҵак рхыԥхьаӡараҟны иҟоу Урыстәыла атуристтә цәыргақәҵоуп. Ари ацәыргақәҵаҟны Аԥсны ӡырыргеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистрреи, "Атуризм азы Аԥснытәи аидгылеи", Ахәаахәҭра–ааглыхратә палатеи. Ԥшьышықәса ҵуеит Аԥсны ахаҭарнакцәа ари ацәыргақәҵа рхы аладырхәуеижьҭеи.

Москватәи атуристтә форум аҿы Аԥсны ҩаӡара ҳаракыла иӡырган

26–тәи Москватәи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа хәажәкыра 12 инаркны 14-нӡа имҩаԥысуан ацәыргақәҵатә комплекс хада "Експоцентр" аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0